Шықәсык аԥхьа, лаҵара 29, 2018 шықәса рзы Шьамтәылатәи Арабтәи ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеит.
"Аиаша уҳәозар, ҳара ҳзы ҳәынҭқарра бзиоуп, иашьак иеиԥш иҳахәаԥшуа ауп Шьамтәыла. Ҳара ҳхьыԥшымра ахьазхарҵаз, уи анаҩс иҟаҵаз аусмҩаԥгатәқәа рҵакы ҵаулоуп. Аӡәгьы ицәызӡаӡом аспорт анаҩсгьы егьырҭ ахырхарҭақәа рҟынгьы ҳусеицура излауала сацхраауеит, уи аекономика, атуризм. Уахь аныҟәара сзыманшәалоуп, избанзар сырдыруеижьҭеи акырҵуеит. Аԥсны ахада еиуеиԥшым инапынҵақәа насыгӡоит. Шьамтәылеи Аԥсынтәылеи аспорт аганахьала даара еизааигәахеит. Ҳаспортсменцәа рахьҽазыҟарҵо аҭыԥқәа зегьы рхианы ирымоуп Шьамтәыла. Агәыӷра ыҟоуп еиду аспорт хан аргыларазы апроект аԥсҭазаара аларҵәара ҳалагоит ҳәа 2020 шықәсазы. Аҭагылазаашьа убас иҟоуп, аӡәк иеиԥш ҳҽанеибаҳарклак, егьырҭ аҳәынҭқаррақәагьы, ажәлантәқәагьы даҽа бызшәак ала иҳацәажәоит. Усҟан ауп ҳара амчи алшеи зегьы анҳауа, ҳусмҩаԥгатәқәа зегьы адаҟьа бзиақәа анаадыртуа", - ҳәа азгәеиҭеит Хәытаба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.