ДЖәР ауааԥсыра урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа роуразы арзаҳалқәа аларгалоит

© Sputnik / Сергей Пивоваров / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДЖәР ауааԥсыра урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа роуразы арзаҳалқәа аларгалоит
ДЖәР ауааԥсыра урыстәылатәи атәылауаҩшәҟәқәа роуразы арзаҳалқәа аларгалоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵарамза иаалагазар Донбасс рыдкылара иалагеит ДЖәР ЛЖәР руааԥсыра рҟынтәи урыстәылатәи атәылауаҩшәҟә роуразы арзаҳалқәа.

АҞӘА, лаҵара 30 - Sputnik. Донецктәи Жәлар рреспублика амиграциатә маҵзураҟны 4,6 нызқь рзаҳал рыдыркылахьеит Урыстәыла атәылауаҩра аиуразы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Лаҵарамза иалагӡаны 4 622 документ реизга ҳадаҳкылахьеит Урыстәыла атәылауаҩра аиуразы. Урыстәылатәи Афедерациахь инашьҭуп 3 672 документ реизга", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Урыстәыла ахада Владимир Путин мшаԥы 24 рзы инапы аҵеиҩит Украина, Донецктәи Лугансктәи араионқәа руааԥсыра Урыстәыла атәылауаҩра ирмариоу аформала рыҭаразы Аусԥҟа.

Путин иажәақәа рыла ари агуманитартә ҟазшьоуп инанагӡо. Урыстәыла Киев апроблема азцәырызгандаз ҳәа иҟам, аха Донбасс ауаа рҭагылазашьа азхьаԥшра аҭатәны дахәаԥшуеит атәыла ахада.

Ажәабжьқәа зегьы
0