Дунаи иӡааҟәрылеит анеи-ааиратә шхәа: иҟоуп иҭахаз

© © AFP 2019 / GERGELY BESENYEIДунаи иӡааҟәрылеит анеи-ааиратә шхәа: иҟоуп иҭахаз
Дунаи иӡааҟәрылеит анеи-ааиратә шхәа: иҟоуп иҭахаз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Будапешт аиқәырхаратә операциа мҩаԥысуеит аруаа алархәны.

АҞӘА, лаҵара 30 - Sputnik. Дунаи аӡаҿы иӡааҟәрылеит 35-ҩык ауаа зҭаз анеи-ааиратә шхәа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости амаҵзура Ассошиэйтед Пресс адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

© © AP Photo / Peter LakatosДунаи иӡааҟәрылеит анеи-ааиратә шхәа: иҟоуп иҭахаз
Дунаи иӡааҟәрылеит анеи-ааиратә шхәа: иҟоуп иҭахаз - Sputnik Аҧсны
Дунаи иӡааҟәрылеит анеи-ааиратә шхәа: иҟоуп иҭахаз

Ахаша ахәылбыҽха Будапешт ақалақь апарламент ахыбра аҿаԥхьа абаӷәазаҿ икыдҿаҳәалан анеи-ааиратә шхәу. Иара ианҟьеит аҽа шхәак. Икыдҿаҳәалаз ашхәа апассаџьырцәа, Аладатәи Кореиа атәылауаа, шақәтәаз иааҳәит.

Иҭахеит быжьҩык ауаа, 19-ҩык рыхабар ыҟам. Быжьҩык ахәышәтәырҭахь инагоуп. Аҭыԥантәи аполициаа рҿы адырра ҟарҵеит аԥшаарақәа шымҩаԥырго апрофессионалтә даиверцәа. Аоперациа амҩаԥгара иаԥырхагоу арҭ амшқәа рзы илеиуа ақәа.

Аԥшьаша ашьыжь иӡааҟәрылоз ашхәа рыԥшааит иахьыӡааҟәрылаз аҭыԥ 700 метра инахыкны.

Аԥшаара-еиқәырхаратә уснагӡатәқәа ирылахәуп 96 аҟазауаа. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Шандор Пинтери агәабзиарахьчара азҵаарақәа рзы амаӡаныҟәгаҩ Ильдико Хорвати аҭыԥ ахь инеиит.

Аладатәи Кореиа ахада Мун Чже Ин даиҳабыра анапынҵа риҭеит ирылшо зегь ҟарҵарц ауаа реиқәырхаразы.

© AFP 2023 / GERGELY BESENYEIДунаи иӡааҟәрылеит анеи-ааиратә шхәа: иҟоуп иҭахаз
Дунаи иӡааҟәрылеит анеи-ааиратә шхәа: иҟоуп иҭахаз - Sputnik Аҧсны
Дунаи иӡааҟәрылеит анеи-ааиратә шхәа: иҟоуп иҭахаз

 

Ажәабжьқәа зегьы
0