Аԥсны абиуџьет аныхратә зеиԥшхәҭа иартәоит 8 миллиардки 932 миллион мааҭ

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБанкноты номиналом 200, 2000 и 5000 тысяч рублей
Банкноты номиналом 200, 2000 и 5000 тысяч рублей - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥысит лаҵара 31 рзы.

АҞӘА, лаҵара 31 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. 2019 шықәса рзы Аԥсны абиуџьет аныхратә зеиԥшхәҭа иартәоит 8 миллиардки 932 миллион мааҭ иҳәеит аилатәараҿы афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба.

Ахашәалатә хәҭа иартәоит 8 миллиардки 111 миллион мааҭ. Нанба иажәақәа рыла "2019 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет азы" азакәан апроект аҿы иазыԥхьагәаҭан 10 миллиардки 221 миллион мааҭ, аныхратә хәҭаҿы иазыԥхьагәаҭан - 11 миллиарди 50 миллион мааҭ ҳәа.

Аминистр ишиҳәо ала ареспубликатә биуџьет ахашәалатә зеиԥшхәҭа 470,9 миллион мааҭ рыла иазҳароуп. Урҭ рҟынтәи 360 миллион мааҭ урыстәылатәи афинанстә цхыраароуп, 60,5 миллион мааҭ аинвестпрограммалатәи ацхыраароуп. Уи адагьы ареспубликатә биуџьет 50, 4 миллион мааҭ рыла аизырҳара азыԥхьагәаҭоуп 2018-2019 шықәсқәа рзтәи аԥсыӡкратә аамҭала.

2019 шықәса рзы аныхратә хәҭа миллиардки 166 миллиони мааҭ ҟалоит. 59 миллион мааҭ рыла еиҳахоит аныхрақәа аремонт-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыдҳәаланы.

Апарламент аҟны актәи аԥхьарала 2018 шықәсазтәи абиуџьет анагӡашьа рыдыркылеит

2019 шықәса рзы аныхратә хәҭа 13,4 миллион мааҭ артәоит. Абри аан Жәлар реизара аныҟәгаразы миллионки 400 нызқь мааҭ артәоит, аҳәынҭдачақәа рныҟәгара - 637 нызқь мааҭ, амассатә коммуникациақәа русбарҭа аныҟәгара 3,4 миллион мааҭ.

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара изаамҭанытәиу аилатәара мҩаԥысит лаҵара 31 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0