Сара Абрамиан: смаиааизаргьы, сгәырӷьаҵәа сыҟоуп

© Foto / Хибла МукбаАртек
Артек - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аицлабра "Детская Новая волна-2019" Иалта ихыркәшан ахәаша, лаҵара 31 рзы.

АҞӘА, рашәара 1 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Жәаҩа шықәса зхыҵуа Аԥснытәи ашәаҳәаҩ Сара Абрамиан дықәгылеит "Детская Новая волна-2019" афинал аҿы ахәаша, лаҵара 31 рзы. Абри атәы лҳәеит ашәаҳәаҩ қәыԥш авокал азы лырҵаҩы Хьыбла Мықәԥҳа.

Абрамиан аԥсышәала иналыгӡеит Хьыбла Мықәԥҳа лашәа "Хәмарроуп", аха аицлабраҟны аиааира агара зылшоз рхыԥхьаӡара дақәымшәеит.

"Сара аиааира лымгазаргьы, дгәырӷьаҵәа дыҟоуп. Лара даара илҭахын "Детская Новая волна-2019" дақәшәар. Уи азы акыр аџьабаагьы лбеит. Аиааирақәа рацәаны лаԥхьа ишышьҭоу агәра згоит. Сара лхаҭа излалҳәо ала, ари аҩыза асценахь ацәырҵра иааирак иаҩызоуп", - азгәалҭеит Мықәԥҳа.

Аицлабра афиналтә хәҭа ҩымш имҩаԥысуан - лаҵара 30, 31 рзы. Актәи амш азы Сара Абрамиан иналыгӡеит Ани Лорак лашәа "Птица".

Сара Абрамян - Sputnik Аҧсны
Аԥсны "Детская Новая волна-2019" аҟны

"Сара ибзианы иналыгӡеит уи ашәа, Николаи Басков иазгәеиҭеит лыбжьы акыр ишыцқьоу, Олег Газмановгьы лашәаҳәашьа ахә ҳаракны ишьеит. Ҳәараҭахума, иҵегь ицәгьаз ашәа лҳәар ҳҭахын, аха арепертуар аицлабра аиҿкааҩцәа роуп иалызхуаз", - лҳәеит Мықәԥҳа.

Аицлабра иалахәын 8 инаркны 12 рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа, урҭ рахьтә иҟоуп аԥышәа змоу анагӡаҩцәагьы - жәларбжьаратәи аицлабрақәеи аурыс телешоуқәа "Голос. Дети", "Ты супер!" рыҟны аиааира згақәази афиналистцәеи.

Ажиури алахәылацәеи асасцәеи рыбжьара иҟан зыхьӡ еицырдыруа ашәаҳәаҩцәа ҿарацәа - Зара, Ниуша уҳәа, иара убас артистцәа дуқәа - Олег Газманов, Лев Лешьченко уҳәа реиԥш иҟоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0