АҞӘА, рашәара 3 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. "Ашьапылампыл маҷ азы А-Мобаил Ахраҿа" агәыԥтә етапқәа хыркәшаны афинал 1/8 ахәҭахьы инеиит. Ахәмарра мҩаԥысуеит рашәара 4 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аилахәыра А-Мобаил аусзуҩ Азамаҭ Смыр.
Аханатә аиндаҭларақәа ирылахәын 32 команда, аа-гәыԥкны еихыршаз. Ахәмаррақәа рыӡбразы Урыстәылантәи аӡбаҩцәа ааԥхьоуп.
Иахьа, аҵәҭаршәра мҩаԥысуеит. Аԥшь-гәыԥк рҟынтәи актәи аҭыԥқәа аанызкылаз акомандақәеи аҩбатәи аҭыԥқәа нызкылаз акомандақәеи еиԥылараны иҟоуп.
Атурнир 1/16 ахәҭахьы инеиит акомандақәа "Кьараз", "Алаҳаӡы, "Аиааира", "Алианс-М", "А-Мобаил", "Таможня", "Черноморэнерго", "Гечрипш", "Гулрыпш", "Вымпел", "Скендж", "Очамчыра", "Рубин-2", "Гудаута", "Сухумкабель", ЛФК "Атлант".
"Сынтәа иаагәоуҭартә еиԥш ахәаԥшыҩцәа ирыцлеит. Ахәмарцәа ракәзаргьы арбитрцәа ажәа рымаркуам. Ҵыԥх ирацәаҩны адисквалификациа рызун, сынтәа рхы иалаԥшит", - иҳәеит Азамаҭ Смыр.
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны – атурнир информациатә партниоруп.