Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Манаргиа Шьхатәыла Ҟарабах ицо ачемпионат азы: зегьы аиааира ҳҭахуп

© Foto / Алхас МанаргияАлхас Манаргия
Алхас Манаргия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашьапылымпыл азы афедерациа апресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Манаргиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Шьхатәыла Ҟарабах ицо ачемпионат аҟны аволонтиорцәеи ҳшьапылымпыласыҩцәа ахьаангылаз асасааирҭа аԥшәмеи рысасдкылашьа атәы.
Манаргиа Шьхатәыла Ҟарабах ицо ачемпионат азы: зегьы аиааира ҳҭахуп

ConIFA аегида иаҵанакуа Европа ачемпионат мҩаԥысуеит Шьхатәыла Ҟарабах аҳҭнықалақь Степанакерт рашәара 1 инаркны 9-нӡа. Уи иалахәуп Аԥсны еизгоу акоманда.

"Аволонтиорцәа шьыжьы инаркны хәлаанӡа акоманда иацуп, ацхырраара ҳарҭоит аиҭанаиааираҟны, аиҭагараҟны. Аҳәаанырцәынтәи иааз акомандақәа зегьы англыз бызшәала ауп ишцәажәо. Ахәмаррақәа аныҟоу астадионқәа рахь иҳаццоит, аплакатқәа ҟаҵаны ирымоуп. Ҳшьапылымпыласыҩцәа ргәы шьҭырхуеит, Аԥсны ахьӡ ҳәаны ҿырҭуеит. Акыр шықәса ибзианы ҳардыруазшәа ибзианы ҳрыдыркылеит, иҳахӡыӡаауеит. Аволонтиорцәа рнаҩс, ҳахьыҩноу асассааирҭа аԥшәма ашьапылымпыласыҩцәа рымаҭәа хәыда-ԥсада иӡәӡәаны ирырҭалартә иҟаиҵеит. Зегьы иаҳҭаху акоуп-аиааира!", - иҳәеит Манаргиа.

Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Ажәабжьқәа зегьы
0