Шәачатәи ачемпионат аҿы Аԥснытәи абоксиорцәа аԥхьахәқәа ргеит

© Теймураз ГергедаваШәачатәи ачемпионат аҿы Аԥснытәи абоксиорцәа аԥхьахәқәа ргеит
Шәачатәи ачемпионат аҿы Аԥснытәи абоксиорцәа аԥхьахәқәа ргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шәача ақалақь аҿы абокс азы Иаарту ачемпионат мҩаԥысит рашәара 1 -2 рзы.

АҞӘА, рашәара 3– Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи абоксиорцәа ҿарацәа "ахьи" "араӡни" ргеит Шәача ақалақь аҿы абокс азы Иаарту ачемпионат аҿы, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны таитәи абокс Афедерациа апрезидент Теимураз Гергедаа.

Гергедаа иааӡамҭацәа Леони Давиди Амҷаа актәии аҩбатәии аҭыԥқәа ргеит. Андреи Дашьиан иааӡамҭацәа Артем Гараниани Кристина Беиеи аԥхьатәиқәа ирылахәхеит, Алмас Ажьиба араӡны ианашьахеит.

Шәачатәи аттурнир иалахәын 250-ҩык аспортсменцәа Краснодар, Ростова-на-Дону, Анапа, Новороссиск, Ҟрым, Нхыҵ Уаԥстәыла, Лазаревск, Шәача, Аԥсны рҟынтәи.

Ажәабжьқәа зегьы
0