Адунеизегьтәи абанк Урыстәыла аекономика шеизҳаз азы аҳәамҭа ҟанаҵеит

© Sputnik / Алексей Агарышев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАцентробанкқәеи афинансқәа рминистррақәеи реиԥылара
Ацентробанкқәеи афинансқәа рминистррақәеи реиԥылара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адунеизегьтәи абанк аналитикцәа иазгәарҭеит Урыстәыла аекономика аизҳара жәларбжьаратәи асанкциақәа шаԥырхагамхаз.

АҞӘА, рашәара 5 – Sputnik. Адунеизегьтәи абанк адыррақәа рыла, 2018 шықәса рзы Урыстәыла аекономика азҳара аиуит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, ажәахә "Адунеитә економика аԥеиԥш: аибарххарақәа реизҳареи аинвестициақәа рылаҟәреи" ҵаҵӷәыс иганы.

Уи ажәахә инақәыршәаны, 2018 шықәса рзы Урыстәыла аекономика 2,3 процент рыла иазҳаит, уи аҵыхәтәантәи фышықәса рыҩнуҵҟа иреиҳахаз рбагахеит. Адунеизегьтәи абанк аекспертцәа уи зыхҟьаз ҳәа ирҳәо анефҭ азы адунеитә хәқәа рышьҭыҵреи, аекспорт аҟынтәи афеидеи, афымцамч азы апроект дуқәа рынагӡареи, ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат амҩаԥгареи роуп.

Иара убри аан Абанк 2019 шықәсазтәи азԥхьагәаҭарақәа рыла аекономика лаҟәит ҳәа иаԥхьаӡоит. Аналитикцәа мшаԥымзатәи разԥхьагәаҭарала 1,4 рҟынтә 1,2 процент рҟынӡа алаҟәра аҭыԥ амоуп.

Адунеитә економика акәзар, 2019 шықәса рзы 3 рҟынтәи 2,6 процент илеит.

Матвиенко: аконтрсанкциақәа алабаҟәа еиԥшуп – мышкызны ихынҳәуеит>>

Уи зыхҟьо ҳәа АБ иашьо ахәаахәҭратә ԥынгылақәа раԥҵареи, афинанстә шьақәымгылареи, иналукааша атәылақәа рекономика ашьақәҟьареи роуп. Убас, ЕАА аекономика сынтәа 2,5 процент иазҳап ҳәа азыԥхьагәаҭара ыҟазар, 2020 шықәса рзы ари арбага 1,7 процент ракәхоит иартәо.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0