РУСДРАМ актриса Атеатралтә школ аҿы лықәгыларала илыршанхеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМадлена Барцыцԥҳа
Мадлена Барцыцԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Атеатр аусзуҩцәа рхеилак XIII Жәларбжьаратәи аԥхынтә театртә школ мҩаԥысуеит Москва рашәара 2 - 30 рзы.

АҞӘА, рашәара 5 – Sputnik, Бадри Есиава. РУСДРАМ актриса Мадлена Барцыцԥҳа XIII Жәларбжьаратәи аԥхынтә театртә школ аҿы аелектронтә музыка аԥсы шахалҵаз Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит лара лхаҭа.

Аспектакльқәа рзы актиорцәа ҿарацәа алыркаауан урыстәылатәи арежиссиорцәа. Зынӡа ргәаҭаразы инаԥхьан 90-ҩык актиорцәа.

"Ҳномерқәа аныдҳарба ашьҭахь, иҳазҵааит "дарбан режиссиору еиҳа еиӷьаҳшьо" ҳәа. Сара исҭаххеит Борис Павлович иахь сақәшәарц. Уи испектакль хәҭакла имузыкатәуп. Ашәа сҳәарц сыдырҵеит, иагьсазҵааит, иарбан музыку сара бзиа избо. Аелектронтә музыкоуп ҳәа аҭакс ирысҭеит, аха уа ажәақәа ыҟаӡам. "Амузыка нагӡа" анырҳәа, шьапыла аритм ықәсыркәашон, снапқәагьы еинысҟьон. Зегьы иргәаԥхеит амузыка шаасырԥшыз", - лҳәеит лара.

Аԥснытәи актриса аконкурс иазлырхиеит испаниатәи асахьаҭыхыҩ Фрида Кало илызкыз аетиуд.

Атмосфера аусутә ҟазшьа амоуп ҳәа лҳәоит Мадлена. Раԥхьатәи азыҟаҵарақәа мҩаԥган рашәара 5 рзы.

Кьоџьаа рҭыӡшәа ҩ-хәҭакны ишьақәгылоуп, антаркт ала еиҟәшоуп. Аспектакль ҩ-сааҭк имҩаԥысуеит. - Sputnik Аҧсны
"Кьоџьаа рҭыӡшәа" РУСДРАМ асценаҟны

"Атмосфера аусутә ҟазшьа шамоугьы, зегьы ҳагәқәа акыр хыҭхыҭуеит. Зегьы ҳусура алҵшәақәа ҳарзыԥшуп", - лҳәоит актриса.

Мадлена Барцыцԥҳа РУСДРАМ аҿы аус луеижьҭеи шықәсык аҟара ҵуеит. Лара дрылахәын аспектакльқәа: "Сара сԥацәа зегьы", "Кьоџьаа рҭыӡшәа", "Аклиникатә хҭыс", "Алахьҟьаҟьа".

Урыстәыла атеатр аусзуҩцәа Рхеилак Жәларбжьаратәи аԥхынтә театртә школ аус ауеижьҭеи зықьҩык инареиҳаны актиорцәа ҿарацәа аднакылахьеит.

Сынтәа иара иалахәхоит: Урыстәыла, Аԥсны, Даниа, Германиа, Британиаду, Израиль, Ермантәыла, Азербаиџьан, Қырҭтәыла, Ҭырқәтәыла, Сингапур, Кореиа, Индиа, Канада уҳәа атәылақәа рҟынтәи актиорцәа ҿарацәа.

Апроект напхгара аиҭоит Урыстәыла жәлар рартист Александр Калиагин.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0