АҞӘА, рашәара 7 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашьапылампыл азы Аԥсны иеизгоу акоманда Чамериа акоманда ахԥатәи аҭыԥ азы иацыхәмаруеит рашәара 8 асааҭ 17:30 азы Степанакерт ақалақь аҟны.
"Ҳаҷкәынцәа афиналбжаҿы Мраҭашәаратәи Ермантәыла акоманда иахьаҵахаз даара ргәы иалоуп. Урҭ афинал аҿы ихәмарырц ргәы иҭан арахь ианаауаз. Уи азы ирылшоз зегьы ҟарҵеит. Уажәы дара ашьақәгылара иаҿуп иуадаҩыз ахәмарра ашьҭахь. Избанзар рымчқәа зегьы уи иарҭеит. Аха амч адагьы, иуқәҿиар ауп", - иҳәеит Аԥсны Ашьапылампыл афедерациа апресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Манаргиа.
Афиналбжаҿтәи ахәмарраҿы Аԥсныи Мраҭашәаратәи Ермантәылеи аамҭа хадазы 1:1 ҳәа еилгеит, жәеизаметрантәи ампыл асрақәа раан аерманцәа еиҳа икылкааны иасит, урҭ иҭадыршәит хымпылк, Аԥсны акоманда акгьы рызҭамыршәит. Чамериа акоманда афиналбжаҿы Аахыҵ Уаԥстәыла ианацыхәмаруазгьы аамҭа хадаҟны еиҭахеит 0:0 ҳәа, апенальтиқәа рсериаан Аахыҵ Уаԥстәыла иҭанаршәит 6 мпылк, Чамериа - 5.
Мраҭашәаратәи Ермантәыла Аԥсны иаиааит 4:1 ҳәа>>
Ихьыԥшым ашьапылампылтә ассоциациақәа Рконфедерациа ConIFA шьаҭаркын рашәара 7, 2013 шықәса рзы. Уи еиднакылоит FIFA иалам 40 команда. 2016 шықәсазы ConIFA ала Адунеи ачемпионат Аԥсны имҩаԥысит, уи хыркшәан Аԥсны аиааирала.