Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Кьычԥҳа лнысымҩа атәы
"Санду 103 шықәса нылҵит , уи илеиҳаны анҵыра роур сҭахуп ҳауаажәлар. Сара иџьасшьон абриаҟара ашықәс ахьнылҵыз, ирацәаӡами ҳәа анласҳәа, уи еимгеимцарак, ҿырҳасрак еиԥш имҩасит ҳәа салҳәеит. Саргьы убас, сышықәсқәа игәасымҭакәа иаасыдгылеит", - лҳәеит Кьычԥҳа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инарҭбаау аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.