Аҭоурых иагәылаҵәаху: Ҵлаииа амузеи аҟны ирымоу експонатк аҭоурых атәы
"Ҳазлацәажәо аекспонат напыла иҟаҵоу урысшәала "станина" ҳәа изышьҭоу ауп. Аԥсуа еибашьцәа абџьар ахьрымамыз иахҟьаны ирыӡбон еиуеиԥшым ахысгақәа. Амацәаз иҭакыз Тҟәарчал ақалақь азауад аҟны абџьар хкқәа ҟарҵеит. Уажәы зыӡбахә ҳамоу акатер иақәдыргылон, ахыхь ахыршәга дыргылон, уи ала аӷа иҳаирпланқәа ҭадырхон. Еиҳарак ас еиԥш абџьар хкы арра-мшынтә мчқәа рҟны рхы иадырхәон. Ашкол аҟны аҵаҩцәа зхатәоу апартеи аҟәардәи еидчаԥаланы рхы иадырхәон, ҳмузеи аҟны 2018 шықәса раахижьҭеи иҳамоуп. Урыстәылантәи иаҳҭаауа даара азҿлымҳара азыруеит. Амузеи уаныҩнало арымарахь игылоуп, иаразнак улаԥш ақәшәоит", - иҳәеит Ҵлаииа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инарҭбаау аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.