Додон инапынҵақәа шнимыжьуа атәы иҳәеит

© Sputnik / Miroslav Rotari Читать далее: https://ru.sputnik.md/news/20190608/26295160/Prezident-Moldovy-ne-raspustit-v-subbotu-parlament--.htmlИгорь Додон
Игорь Додон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Молдова ахада Игор Додон аҳәамҭа ҟаиҵеит ақәыӷәӷәара ду ширҭогьы атәыла ахада инапынҵақәа шнимыжьуа атәы иҳәеит.

АҞӘА, рашәара 10 - Sputnik. Молдова ахада Игор Додон аҳәамҭа ҟаиҵеит ԥхьатәара ацаразы арзаҳал шимыҩуаз. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Молдова.

Додон иҳәеит иҭыԥ иамхразы авариантқәа хԥа шыҟоу: ирбаандаҩра, иҭаацәа рыршәара, ихаҭа иаԥырхра.

"Сҭаацәа сыманы атәыла салҵып ҳәа игәыӷуазаргьы башоуп. Мап. Сара сахьыҟоу сыҟоуп. Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы исырҭо анырра бааԥсгьы сацәшәом, сҭыԥгьы сахыҵуам. Саԥырырхыр шрылшогь здыруеит. Зыҟны аус сымоу еилыскаауеит", - иҳәеит иара.

Урыстәыла ААР Молдоватәи аполитикатә кризис ахҳәаа анаҭеит. Иазгәанаҭеит Москва аҭагылазаашьа ҭышәынтәалап ҳәа ишгәыӷуа. Уи азы мҩак ауп иҟоу – аполитикатә мчрақәа зегьы реицәажәара.

Асоциалистцәа рпартиеи аблок ACUM асабша апарламенттә еиҳара еиҿыркааит. Атәыла ауааԥсыра аиҳабыра ҿыц роуит ахаа Аконституциатә ӡбарҭа уи иашам ҳәа иқәгылеит. Апарламент уи аҭакс иахьазы амчраҿ иҟоу Адемократиатә партиа аӡбарҭа ахы ианархәеит амчра анапахьы аагаразы ҳәа рҳәеит.

Молдавиа ахада Игор Додон Аконституциатә ӡбарҭа аӡбамҭа амчра анапахьы аагароуп иаанаго ҳәа иҳәеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0