АҞӘА, рашәара 10 - Sputnik. Шәачатәи аиқәырхаҩцәа 20 метра аҳаракыраҟынтә икаҳаз амотацикылныҟәцаҩ аиҩхаа дҭыргеит ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла АҶА Аладатәи арегионалтә аԥшаара-аиқәырхаратә отриад Хосҭатәи аҟәша апресс-маҵзура.
Иазгәаҭоуп амотацикылныҟәцаҩ Аҟәатәи амҩаду Хоста-Кудепста ахәҭаҿы аԥсҟы импыҵҟьеит ҳәа. ахҭыс ҟалеит амҽыша, рашәара 9 рзы.
Ааха зауз ахаҵа ацхыраара лас аҳақьымцәа дрыҭан.