Аԥснытәи аҽыҩқәа ҩаԥхьа хьӡы ргеит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла Афедерациа ахада Ихраҿазы XVI аҽырыҩрақәа
Урыстәыла Афедерациа ахада Ихраҿазы XVI аҽырыҩрақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Афедерациа ахада Ихраҿазы XVI аҽырыҩрақәа мҩаԥысуан Москватәи аҽырҩырҭа хадаҿы, рашәара 12 рзы.

АҞӘА, рашәара 13 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсуа ҽыҩ Конард Лорд Урыстәыла Афедерациа ахада Ихраҿазы XVI аҽырыҩрақәа рҟны ахԥатәи аҭыԥ ааннакылеит ҳәа Sputnik иазааицҳаит Аԥсны Аҽыбӷаҟазара Афедерациа ахада Аслан Камлиа.

"Ари аҽы уаанӡагьы ҩышықәса инеиԥынкыланы актәи аҭыԥқәа агахьан. Аҽырыҩра аҭоурых иаздырӡом ҽык инеиԥынкыланы ҩышықәса актәи аҭыԥқәа ааннакыло. Уажә, 2400 метра аҩраҿы ахԥатәи аҭыԥ агеит. Аҽы аа-шықәса ахыҵуеит. Ахԥатәи аҭыԥгьы даара ишьахәуп", - иҳәеит иара.

Камлиа ишиҳәаз ала, 2000 метра еиԥхныҩлоз аҽқәа рыбжьарагь Аԥснытәи аҽыҩ Тиудор актәи аҭыԥ аннакылеит.

Аԥсуа ҽыҩқәа Краснодартәи аҽырыҩраҿы аԥхьахәқәа роуит>>

Аиндаҭларақәа ирылахәын Урыстәыла, ИАР атәылақәа, Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи аҽыҩқәа.

Аԥхьахәтә фонд иартәоит 10 миллион мааҭк.

Аиҿкааҩцәа: Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистрра, АЕ "Российские ипподромы".

 

Ажәабжьқәа зегьы
0