Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәакәасқьыр: схы сгәалашәоижьҭеи акарпыжә аасрыхуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукМикрофон
Микрофон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Баслахә ақыҭаҟны инхо Ҭамаз Кәкәасқьыр арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҭыԥантәи анхацәа иаадрыхо акарпыжә аџьармыкьах ианнарго, ишаадрыхуа атәы.
Кәакәасқьыр: схы сгәалашәоижьҭеи акарпыжә аасрыхуеит

"Схәыҷны, схы сгәалашәоижьҭеи ақыҭаҟны ҳгәылацәеи саби акарпыжә аадрыхуан, иахьагьы ҳаҿуп. Аалӡга ахықәан ҳанхоит, санмаҷыз ақәа, амра ианаамҭаз иаиуан акарпыжә, аарыхрагьы бзиан. Усҟан иара ажәла иаҳа иҟәазын 20-25 кьыла иҟан акарпыжәқәа, ачымазарақәа аныҟалоз ахәшә ақәҳҭәон, иаразнак ибзиахон. Аҳауа иахьа ус иҟам, ари атәым ҳәынҭқаррақәа рҟны цәыкәбарла аӡы арҭоит, ҳара ҳҟны ақыҭаҟны ус аҭагылазаашьа ыҟам, иуадаҩуп. Акарпыжә шықәсык- ҩышықәса еиҳаны ҭыԥк аҟны ианыҟауҵо иҟалом, адгьыл аԥсы ауршьозароуп. Акарпыжә уажәтәи ажәла иаҳа ачҳауеит, агьамагьы ҽакала иҟоуп. Лаҵарамза алагамҭазы илаҳҵо нанҳәа азбжазы аџьармыкьах ицәыраҳгоит", - иҳәеит Кәакәасқьыр.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инарҭбаау анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0