Амҷыԥҳа еиҭалҳәеит Берлин "Аҭҵаарадыррақәа рыҵх ду" аҿы аԥсшәа шӡыргаз
"Ҳара ҳаҟан Гумбольдтәи ауниверситет аҟны. Ацәыргақәҵаҿы иӡырган аҭҵаарадырраҿы иҟоу аихьӡарақәеи аҿыцрақәеи зегьы. Ҳара ҳадагьы, ацәыргақәҵа иалахәын егьырҭ африкатәи амилаҭқәа, аскандинавтә бызшәақәа уҳәа рхаҭарнакцәа. Кавказ аҟнытә иҟаз ҳара ҳамацара ҳакәын, аҭааҩцәа ирзеиҭаҳҳәон аԥсшәа иарбан бызшәақәоу изҵазкуа, иахьалацәажәо, Германиа ишынхо ҳдиаспора. Ҳбызшәа ахьыуадаҩу аҟнытә аинтерес зызцәырнаго рацәаҩуп, еиҳарак аҵарауаа, иара европатәи абызшәақәа иреиԥшӡам. Ацәыргақәҵа далахәын Берлин ахада Михаель Миуллер. Иара хаҭала дазҿлымҳан ҳбызшәа, ҳамҭасгьы иаҳҭеит немец бызшәала иҭыжьу Аԥсны иазку аматериалқәа", – ҳәа еиҭалҳәеит Амҷыԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.