Амшқәа ахьӡ шроуз, ма амчыбжь шышьақәгылаз

© Sputnik Амзар
Амзар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амшқәа ахьӡ шроузи амчыбжь ашьақәгылареи рзы дыррақәак ҳацеиҩылшоит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Ажәытәӡан иҟан аамҭақәак амчыбжьгьы анышьақәымгылацыз, амшқәагьы хьыӡ анрымамыз. Аха, аамҭа мҩасцыԥхьаӡа, ауаҩы идунеихәаԥшышьа аҽеиҭанакит, иаҭаххеит амчыбжь аҩнуҵҟа арахә-ашәахә рхылаԥшра, аусура, адгьыл ақәаарыхра, ахәаахәҭразы иалкаау аамҭа ҷыда. Маҷ-маҷла ишьақәгылеит аамҭа амшқәа рыла аихшара. Иахьа арҭ амшеихшарақәа рыда ҳаԥсҭазаара зхаҭәаахом, изааӡари.

Календарь на 2023 год  - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа мзар: амзақәа рыхьӡ ашьақәгылашьа иазку згәаҭарақәак

Аҭоурых ҳагәылаԥшуазар, амчыбжь ацәырҵра зыбзоуроу амзызқәа еиуеиԥшым.

Ақьырсиантә ԥшьаҩыра ишаҳәо ала, Анцәа фымш рыла адунеии уи иаақәу зегьи ишеит. Абжьымж рыҽны иара иԥсы ишьон. Убри инамаданы, ахыԥхьаӡара быжьба акультурақәа жәпакы рҟны иаҳԥылоит иҵоуроу, иԥшьоу аенергетика змоу хыԥхьаӡарак аҳасабала. Ахыԥхьаӡара быжьба иадырҳәалоит жәпаҩык амчыбжь ацәырҵрагьы. Аԥсуаа ҳҟынгьы ахыԥхьаӡара быжьба ҳаҭыр ақәуп.

Анаҩсангьы, ахыԥхьаӡара быжьба иԥшьоу ҳәа иахьыршьоз аҟнытә, ажәытәан вавилонаа амза абыжьбатәи амш ахәаахәҭра иазыԥҵәаны ирыман, нас урҭ рҟны ишьақәгылаз асистема рҿырҵааит абырзенцәа, аурымцәа, арабцәа.

Аҩны аԥара дәылыргом, иӡахуам, анышә ркуам: аԥсуаа амшшьара ишазыҟоу>>

Иара убас, ажәытәан аурымцәа рҟны амшқәа анцәахәқәа рыхьӡқәа рыхҵаны ирыман, иааҳҳәап:

Амза амш (ашәахьазы), Марс имш (аҩашазы), Меркури имш (ахашазы), Иупитер имш (аԥшьашазы), Венера лымш (ахәашазы), Сатурн имш (асабшазы), Амра амш (амҽышазы).

Ажәларқәа егьырҭ инарылукааратәы, амшқәа ахьӡ шроуз атәы зҳәо аԥсуа ҳәамҭа ссирк ыҟоуп. Уи агәылалеит К.С. Шьаҟрыл иеиқәиршәаз жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа реизга "Иҭамбаӡо жәлар рӡыхь". Иааркьаҿны ари аҳәамҭа иҳанаҳәо абри ауп:

Ҽнак зны арахә рацәаны измаз нхаҩык сасцәақәак иҭааит. Ԥыҭраамҭакгьы исасит.

Аԥшәма исасцәа ԥшь-шьапык зҵаз рзишьит, рхәы ҟаиҵан акрырфеит-акрыржәит. Асасцәа анааиз аҽны – ашәахьа ахьӡитәит. Адырҩаҽны исасцәа ҩба рзишьит, избан акәзар, исасцәа рашәаҳәабжь заҳаз анааиза, ауаа рацәахан, ак рызхомызт. Ҩба аныршьыз амш – аҩаша ахьӡиҵеит. Адырҩаҽны хԥа анишь амш – ахаша ҳәа ахьӡиҵеит. Аԥшьымш рзы ԥшьба рзишьит, ԥшьба анишь амш – аԥшьаша иҳәеит. Ахәымш рзы хәба анырзишь – ахәаша ахьӡхалеит. Афымш рзы егьимшьит – иахьа сабаԥ мшуп (иԥшьоу мшуп), ашьакаҭәара ҟалаӡом, асабша ахьӡитәит уа. Абжьымш рзы исасцәа амҩа иқәиҵеит, амҩақәҵара мшы – амчыша ахьӡзааит, иҳәеит аԥшәма.

Абас, амчыбжь шьақәзыргыло абжьымш досу ахьӡқәа риҭеит аԥсуа.

Аԥсуа жәлар рамзар>>

Амчыбжь аҩнуҵҟа иахьагьы, еиҳараӡакгьы ақыҭақәа рҿы иубап иалкаау амшқәа "ирымшшьароу". Ианрымшшьароу – аҩны аԥара дәылыргом, аԥара аӡәы идырԥсахуам, аҩнымаҭәахәқәа аӡәгьы ауаара ирҭом, ахшхарҵәы рҭиуам. Еиҳараӡакгьы мҽышала амхи ауҭреи иҭалом, анышә ркуам, адгьыл иқәаарыхуам. Анапхыц – ашьапхыц хырыссом, иӡахуам, рхахәы иагдырхом, рԥаҵа рсом. "Ҵасым, иҳамшшьароуп" рҳәоит. Ари аҵас аиҳабацәа ирҿырҵааз, изықәныҟәоз акоуп. Уи иахьагьы аԥсы ҭоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0