Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аргәын: ҳхәыҷқәагьы, егьырҭ аушьҭымҭацәа реиԥш, иԥшӡаӡа иҟазарц ҳҭахуп

© SputnikКадыр Аргәын
Кадыр Аргәын - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә фонд "Кьараз" хылаԥшра зырҭо аушьҭымҭацәа рзы хықәкыла еиҿкаау акциа амҩасшьа атәы, насгьы иалыршахама сынтәа ашколқәа ирылго рзы ҷыдалатәи ашәҵатәы аизгара, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит афонд аиҳабы Кадыр Аргәын.
Аргәын: ҳхәыҷқәагьы, егьырҭ аушьҭымҭацәа реиԥш, иԥшӡаӡа иҟазарц ҳҭахуп

"Сынтәа хәҩык аушьҭымҭацәа ҳамоуп, дара зегьы еиқәыршәоуп амаҭәақәа рыла. Еиҭа иаҳзаарго ҽааназы иаҳҵәахуеит, ҳаԥхьа зҵара хзыркәшо ахәыҷқәа ҳамоуп, урҭ рзы пату ақәҵан иаҳҵәахуеит. Ари апроект хышықәса рыҩнуҵҟа имҩаԥаҳгоит аҟынтә, ауааԥсыра ирдыруеит, аушьҭымҭацәа рзы амаҭәа шеизаҳго, аамҭа анааилак, дара рхала иҳадҵаалоит. Апроект хықәкыла имҩақәылҵоит Асҭанда Голанӡиаԥҳа, лара амаҭәақәа анеиқәлыршәалак, ахәыҷқәа дырзасуеит, анаҩс дара ааины, ирнаало-ирнымаало гәарҭоит. Иахьа имариаӡам ахәыҷы иеилаҳәара, уи имаҷымкәа ахарџь агоит. Ҳара иаҳҭахуп ҳхәыҷқәагьы, егьырҭ аушьҭымҭацәа реиԥш, иԥшӡаӡа рыхәылԥаз мҩасырц", – ҳәа азгәеиҭеит Аргәын. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.    

Ажәабжьқәа зегьы
0