Уажәада иҟамлац: Аԥсны апрофессионалтә бокс азы атурнир иазыԥшуп

CC0 / / Абокс
Абокс - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik апресс-центр аҿы аспорттә трофеиқәа шнанагази аредакциа боксиортә рингны ишыҟалази шәаԥхьар шәылшоит Sputnik аматериал аҿы.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Ахраҿа, абоксиортә напҭарԥақәа ҩба, "Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахраҿа" ҳәа зну ахылԥа - абарҭ зегьы Sputnik апресс-центр ахь инаган атурнир аламҭалаз.

Аԥсны апрофессионалтә бокс Афедерациа ахада Альберт Карди-оӷлыи апромоутертә еилахәыра ABH-Boxing Promotion адиректор хада Ҭемыр Кардии ажурналистцәа рԥыларазы иааит атрофеиқәа рыманы.

Аамҭа рацәак мгакәа Sputnik боксиортә рингхеит. Апресс-маӡаныҟәгаҩ Илона Авилова арадиомҩаԥгаҩ Алхас Манаргиа ааԥхьара илҭеит. Аха иубартә иҟан рымчқәа шеиҟарамыз. Алхас аҭыԥҳа лыԥшӡара аҿаԥхьа дҭаслымхеит. Аха ус егьа иҟазаргьы, атрофеи иаиааиз илмоуит. Уи ԥхынгәымзанӡа апрофессионалтә бокс атурнир иазыԥшызаауеит.

Апрофессионалтә бокс азы "Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахраҿа" атурнир мҩаԥысраны ииҟоуп Аҟәа, ԥхынгәы 13 рзы.

"Ԥхынгәы 13 рзы астадион "Динамо" аҿы ауснагӡатә мҽхакыҭбаа мҩаԥысраны иҟоуп. Атурнир жәларбжьаратәуп", - иҳәоит Аԥсны апрофессионалтә бокс азы Афедерациа ахада Альберт Карди-оӷлы.

Аԥсны ахьӡала атурнир аҿы иқәгылоит 12 спортсмен.

2017 шықәса рзы имҩаԥысыз атурнир иадкыланы уахәаԥшуазар, сынтәа алахәылацәа рхыԥхьаӡара акыр еиҳауп.

"Ҩышықәса раԥхьа ҩыџьа заҵәык ракәын Аԥсны ахьӡала иалахәыз. Уажәы 12-ҩык ыҟоуп. Еиндаҭло дрылоуп аҭыԥҳагьы – Белена Кәыҵниаԥҳа", - еиҭеиҳәоит Карди-оӷлы.

Апромоутертә еилахәыра ABH-Boxing Promotion адиректор хада Ҭемыр Карди иажәақәа рыла, атурнир амҽхак ҭбаахоит.

"Абокс адунеи аҿы ари акрызҵазкуа хҭысны иҟалоит. Асеиԥш зымҽхак ҭбаау атурнир Аԥсны раԥхьаӡа акәны имҩаԥысуеит. Ԥхынгәы 12 асааҭ 18:00 рзы амшын аԥшаҳәаҿы имҩаԥгахоит face-to-face (алахәылацәа рыкапанра). Ԥхынгәы 13 рзы астадион "Динамо" аҿы имҩаԥгахоит атурнир ахаҭа. Иазԥхьагәаҭоуп ишиашо ицо аефир", - иҳәоит иара.

Аԥсныҟа иаараны иҟоуп Урыстәыла, Белоруссиа, Румыниа, Бырзентәыла, Морокко рҟынтәи аспортсменцәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0