00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
30 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:07
13 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
"Аԥсны абжьгара ҟанаҵоит": асасдкылара аус знапы алаку ауааԥсыра рзы апроект
13:19
3 мин
Аиҿцәажәара
Ақыҭа арҵаҩы ихаҿсахьеи аусура игәы азҭаҵареи: аҵараҟәша аиҳабы ицәажәара
13:23
12 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
13 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
"Акәукәу аҭра ахыԥраара": РУСДРАМ аспектакль ҿыц еилҳаргоит
13:45
26 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Главный четверг
Пицунда хочет вернуть собственный бюджет: доводы Собрания депутатов
14:18
26 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Такие обстоятельства
Кредиты, вложения, доверие: банки Абхазии наращивают активность
14:44
3 мин
Актуальный комментарий
Премии Искандера вручили в Москве: об обладателях и их работах
14:47
12 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Аиҿцәажәара
Гагратәи аԥшаҳәа аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа цоит: араион ахада ихаҭыԥуаҩ иҿцәажәара
18:19
3 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Такие обстоятельства
"Все лампы, фонари - сюда сбежались…": куда так поэтично приглашает художница Амра Чичибая?
18:49
2 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсны иаатуеит раԥхьатәи ашьапылампылтә академиа

CC0 / / Ашьапылампыл адәы
Ашьапылампыл адәы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны раԥхьатәи ашьапылампылтә академиа Unity аус аураны ишыҟоу, уи хықәкқәас иамоу атәы иалацәажәоит Sputnik аматериал аҿы.

Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа, Sputnik

Раԥхьатәи европатәи ашьапылампылтә академиа Unity Аԥсны иаадыртраны иҟоуп рашәара 23 рзы. Unity адиректор Гиви Ҭодуа иажәақәа рыла, академиаҿ ашьапылампыласра арҵара аметодика европатәи астандартқәа ирықәшәо иҟалоит.

Лаша Когония - Sputnik Аҧсны
Арадио
Коӷониа еиҭеиҳәеит ашьапылымпыл азы Европатәи Академиа раԥхьатәи ааӡамҭацәа шаиуз

Ҭодуа игәаанагарала, Аԥсны ақәыԥшцәа ршьапылампыл адунеитә стандартқәа ирықәшәо иҟам.

"Иаҳҳәап, азыҟаҵаҩцәа рҟазаратә штаб иахьынӡахәҭоу аҩаӡара амам. Ҳара ҳазыҟаҵаҩцәа ргәыԥ абҵарамзазы рҟазара ацҵаразы аҳәаанырцә иҳашьҭуеит. Убас иҟалоит есышықәса", - иҳәеит иара.

Иахьазы академиа ах-гәыԥк рҿы рҽазыҟарҵоит 34 спортсмен, 2012-2014 шықәсқәа рзы ииз. Арҵара иапринцип хаданы иҟоу дарбанызаалак ҷыдала изнеишьоуп. Академиа азыҟаҵаҩ хада Александр Коӷониа иажәақәа рыла, ахәмарыҩ дхәыцуа дааӡатәуп.

"Ахәыҷқәа рықәра иақәшәо ҳрызнеиуеит. Ҳабжьы ырцәгьаны аӡәгьы ҳиацәажәом. Европатәи академиақәа рҿеиԥш аҭагылазаашьа аԥаҳҵоит. Ихадароу ахәыҷы ахәмарра адәаҿы ихаҭара ааирԥшуазароуп", - иҳәеит иара.

Ашьапылампылтә академиа Unity Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа иахьыԥшым. Аиҿкааҩцәа гәҭакыс ирымоуп европатәии урыстәылатәии аклубқәа аус рыцура.

Unity макьаназ ахатә базеи ашьапылампылтә дәи амам. Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит адә-маҷқәа рҿы.

"Ԥхьаҟазы иаҳҭахуп астадион "Динамо" аҟны ахәмарра, нас – ахатә стадион аргылара", - иҳәеит азыҟаҵаҩ хада.

Академиаҿ аус луеит аҳақьым-ареабилитолог. Ес-фымз ахәмарыҩцәа амедицинатә ҭҵаара иахысуеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0