Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Какалиа арасаҭрақәа ахәшә рықәҭәаразы: макьана ԥышәа ҳасабалоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАмиран Какалиа
Амиран Какалиа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр Амиран Какалиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Гәылрыԥшьи Очамчыреи рраионқәа рҿы имҩаԥгаз арасаҭрақәа рыхәшәтәра атәы.
Какалиа арасаҭрақәа ахәшә рықәҭәаразы: макьана ԥышәа ҳасабалоуп

"Ростовтәи Россельхозцентр аусзуҩцәа Гәылрыԥшьи Очамчыреи рраионқәа ԥышәа ҳасабала арасаҭрақәа ахәшә рықәҭәара иаҿуп. Ахәшә иҷыдоу хәшәуп. Иара ахимиатә маҭәашьарқәа алаӡам, уаҩы иԥырхагаӡам. Россельхозцентр аусзуҩцәа арасаҭра абжа ахәшә ақәҭәан иаанрыжьит, жәамш раҟара иааԥшуеит, аҵиаақәа рхы шымҩаԥырго гәарҭоит. Ахәшә апты мацара акәӡам, аҿкы чымазарақәа зегьы анырра анаҭароуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Анаҩс ахәшә аусураз иазыԥҵәоу аамҭа анцалак, Ростовтәи ацентр аусузҩцәа еиҭа иааны игәарҭоит. Усҟан еилкаахоит алҵшәақәагьы. Ари аусура хацыркуп ацентри ҳареи иҳабжьаҳҵаз аиқәшаҳаҭра иабзоураны", - ҳәа азгәеиҭеит Какалиа.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.    

Ажәабжьқәа зегьы
0