Узыцәшәо ҳәа акгьы ыҟам: амшынӡы аҭагылазаашьа иахцәажәеит аҳақьымцәа

CC0 / / Алабораториа
Алабораториа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорики Аҟәа ақалақь асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаевеи апресс-конференциа мҩаԥыргеит амшынӡы аҭагылазаашьазы.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Апресс-конференциа алагамҭаз Аԥсны асанитартә ҳақьым хада Лиудмила Скорик илыӡбеит ажурналистцәа дрылабжьарц, абри азҵаара ахцәажәара шаҭаху азы.

Амшын аҟны аԥсшьаҩцәа - Sputnik Аҧсны
Аԥхын азҵаара: иҟалома ҳамшын аҿы аҽыкәабара?

Лара илҳәеит ажурналисттцәа ауааԥсыра ргәы раҳаҭны инхо, аԥсшьацәа аара рҭаххо еиԥш аинформациа анагара рылшозароуп ҳәа.

"Ҳара хҭак еицҭаҳаршәуазароуп. Аҵыхәтәантәи аҭагылазаашьазы аинформациа аныҟашәҵоз, акыр ишәырџьаџьеит, оумаӡак ҟалазшәа шәцәажәеит", - лҳәеит лара.

Убри аан асанепидемстанциа ианаамҭаз ауаа иахәҭаз аинформациа зырмоузеи ҳәа азҵаара илырҭаз ҭакда инлыжьит.

Лиудмила Скорик иазгәалҭеит амшын иалалаз аканализациатә црыҵқәа аепидемиологиатә ҭагылазаашьа иаԥырхагам ҳәа.

Лара ишылҳәо ала, амшын ахалаҽрыцқьара адыруеит.

"Амшын арыцқьара рылшоит еиуеиԥшым амикроорганизмқәа. Ҳара хылаԥшра раҳҭоит акьатеилабыҵә иатәу абактериақәа. Амикроарганизмқәа рхыԥхьаӡара анмаҷу, амшынӡы анализ азаауам", - лҳәеит лара.

Скорик илҳәеит акьатеилабыҵә иатәу абактериақәа ракәзаргьы, агәабзиаз шәарҭара дук рылам.

Амшын аҽарыцқьараз иԥырхаган иҟоу аӡәӡәага-црыҵқәа роуп, егьыс ақалақь аҿы ааглыхратәи ахимиатәи ҟьашьра ҟазҵо акгьы ыҟам ҳәа лҳәоит аҳақьым хада.

"Аепидемиатә рыцҳара ҟазҵо ҳәа акгьы ҳамам. Егьыс, аҭагылазаашьа асанитартә рбагақәа ирықәшәоит", - ҳәа азгәалҭоит лара.

Ажурналистцәа алацәажәеит амшын иаԥну асасааирҭақәеи акрыфара-чарҭақәеи рыцрыҵқәа амшын иахьалало азҵаара.

Уи аҭак ҟалҵеит Алла Белиаева.

"Асезонтә обиектқәа ҳара ҳҟынтәи шәҟәыбӷьыцкгьы рымам. Урҭ рсиа изыхәҭоу аусбарҭақәа рахь инаҳашьҭуеит", - лҳәоит Белиаева.

Апресс-конференциаҿ Лиудмила Скорик илҳәеит ақалақь аҿы аӡыржәтә ахаҭабзиара ҳарак амоуп ҳәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0