"Ҭхьына ақыҭан иԥшаан акит абӷашшара иаҵанакуа абаҩқәа. 16 шықәса зхыҵуа Шьаруан Шьынқәба арасарҭраҟынтәи дшааиуаз, напыла иҟарҵаз цҳа хәыҷык ааигәа ибеит хаҳә ԥшӡак. Ишьҭыхны данахәаԥш, еиликааит кыр шықәса зхыҵуа абаҩ шакәыз. Абиологиа амаҭәар ала игәалашәеит абаҩ ахаҳә алҵразы миллион шықәса шаҭахыз, уи аҟынтә идырит акрызҵазкуа аԥшаах шиԥыхьашәаз. Иаб Беслан Шьынқәба иеиҳәеит амузеи ахь адырра шыҟаҵатәу. Хымш рнаҩс иаб абаҩ рызнеигеит амузеи ахь. Амузеи аҟны ишьақәдыргылеит аԥшаах кит-цитатериа ҳәа изышьҭоу ишатәыз. Ус еиԥш аԥшаахқәа Хәаԥи Ҟәланырхәеи ирԥыхьашәахьан. Амузеи аусзуҩ Таисиа Аланиа илҳәеит Кавказтәи ашьхақәа ҟалаанӡа Сарматтәи амшын шыҟаз. Аԥсны адгьылҵакырагьы уахь иаҵанакуеит. Убри аҟынтәи ас еиԥш аԥшаахқәа цәырҵлоит. 10-18 миллион шықәса раԥхьа иҟаз акит иатәуп абаҩ ҳәа агәаанагара рымоуп археологцәа, аха аҭҵаарақәа ирыцҵахоит", - ҳәа азгәалҭеит Кәарцхьиаԥҳа.
Инарҭбаау анҵамҭа шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.