Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳагба: иформалтәу аинститутқәа рнырра маҷымхар, аҳәынҭқарра аргылара уадаҩӡахоит

© Фото : из личного архива Беслана ХагбаБеслан Ҳагба
Беслан Ҳагба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абжьы гәыла мамзар хшыҩла акәу ишаҭатәу? Амилаҭтә алхрақәа рҷыдарақәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны далацәажәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩы, аполитолог Беслан Ҳагба.
Коӷониаԥҳа лымҩаду: Ҳагба алхрақәа ирызкны

"Иаҳҭахуп ибзианы иазыҟаҵоу аҳәынҭқарра анапхгараҭарахь инеирц, аха убас еиԥш закәанк аԥҵаны иаҳзыҟамҵаргьы, зегь раԥхьа иргыланы азҵаара зыӡбаша алхыҩцәа роуп. Алхратә институтқәа убас еиԥш еиҿкаазароуп, агхақәа ҟалозаргьы, имаҷӡаны. Алшара, азҳара, адырра, аԥышәа змоу, убасгьы хәыҷык иадамхаргьы Аԥсны аҿиараҟны асоциалтә, аекономикатә, аполитикатә зҵаарақәа дырзыҳаҵҳаҵуа. Иуадаҩуп аҳәара иахьа апартиатә система Аԥсны иҿианы иҟоуп ҳәа аҳәара. Аҳәынҭқарратә аполитикатә институқәа аус анырымулак, иформалтәу цәырҵуа иалагоит. Анырра ҟарҵо иалагоит аклантә гәыԥқәа, аизыҟазаарала, аҭынхацәа рыла. Иҟалап уи аҩыза егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟынгьы иҟазар, аха уа иаҳа имаҷуп. Имӡакәа иҳәатәуп - Аԥсны аԥыжәара ргеит иформалтәу аинститутқәа, урҭ анырра ҟарҵоит алхрақәа рҟны. Уи анырра маҷӡамхар, аҳәынҭқарра аргылара даара иуадаҩхоит", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба.

Шәаӡыӡырҩы аудио. Иаҳа инарҭбаау анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0