Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Кәарҷиа ахәаҷақәа нзырҵәо ахәшә азы: адырра аҭахуп, ацәгьеи абзиеи ахьеиҟароу азы

© Sputnik / Томас ТхайцукАбессалом Кәарҷиа
Абессалом Кәарҷиа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Анаплакы "Араса" аиҳабы Абессалом Кәарҷиа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит аҵиаақәа ахәаҷақәа рҟынтәи рыхьчараан ахәшә ииашаны ухы ишаурхәаша удыруазароуп еиҳау аԥхасҭа умоурц азы ҳәа.
Кәарҷиа ахәаҷақәа нзырҵәо ахәшә азы: адырра аҭахуп, ацәгьеи абзиеи ахьеиҟароу аҟынтә

"Адунеи аҟны аҵиаақәа рыхьчаразы ахәшә зхы иазырхәо аҵара иахрыжьуеит. Ааигәа сгәылара ахәшә араса ианақәиҭәоз, аҳаскьын иблит, аӡахьы инеит. Убри аан иласбақәеи, икәҷарақәеи, икәытқәеи ахәшә иагеит. Ахәшә ухы ишаурхәаша удыруазароуп, агәаҽанызаара аҭахуп. Апты зшьуа ахәшә шҳамуп, ацәгьеи абзиеи еиҟароуп", - ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0