НАСА Марс аҿы аԥсҭазаара ашьаҭа рыԥшааит

© Foto / NASA/JPL-Caltech/MSSSМарс ақәныҟәага Curiosity
Марс ақәныҟәага Curiosity - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Марс ақәныҟәага Curiosity уаанӡа Марс аҟны аорганикатә молекулақәа рышьҭа аԥшааит. Уи иаанаго "Апланета ҟаԥшь" аҿы аԥсҭазаара ыҟазар алшоит ауп.

АҞӘА, рашәара 24 — Sputnik. Марс ақәныҟәага Curiosity Марс аҿы аметан аҟазаара шьақәнаргылеит, уи иаанагоит Марс аҿы аԥсҭазаара ашьаҭа ыҟоуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, New York Times адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

NASA's Curiosity rover has found the first evidence of liquid water on Mars, a significant step in the search for past life on the red planet. - Sputnik Аҧсны
Апланета Марс ақәныҟәаҩ Curiosity апанораматә видео аанашьҭит

Арҭ адыррақәа аҵарауаа ироуит ииасыз амчыбжь азы. Уажәы Curiosity аҟынтәи инарҭбаау адыррақәа ирзыԥшуп. Аинформациа ҿыц ашәахьаҽны иҟалароуп.

Аҵарауаа ргәаанагарала, ирԥшааз агаз апланета аҩныҵҟа иҟазар алшоит миллион шықәса, уажәы ашьшьарақәа ирылҵуазар ауеит.

Метан адгьылтә бактериақәа ирылҵшәоуп ҳәа ишьоуп. Урҭ рҩызцәа абактериақәа еиҳарак аҵәыҵәри ахьыҟам аҭыԥқәа рҿоуп иахьуԥыхьашәо.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0