Аминистрцәа Реилазаара аҭыԥантәи арезервтә фондқәа еиҿнакааит

© Sputnik / Томас ТхайцукАминистрцәа Реилазаара
Аминистрцәа Реилазаара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афонд инагӡаны ахы ианамырхәаха аекономиа зызуу аԥарақәа аҽа хықәкык азы рхархәара ҟалом, урҭ аҭыԥантәи абиуџьет ахь ирхынҳәтәуп.

АҞӘА, рашәара 28 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аминистрцәа реилазаара аҭыԥантәи арезервтә фондқәа рхархәара еиҿнакааит ҳәа ааицҳаит аҭыԥ аҟынтәи Sputnik акорреспондент.

Ԥхынгәы акы инаркны абиуџьет иатәу аусуцәа руалафахәы иацлоит

Ақәҵара Аминистрцәа реилазаара алахәылацәа ирыдигалеит Аминистрцәа реилазаара Аппарат анапхгаҩы Давид Сангәлиа. Иара иазгәеиҭеит аҭыԥантәи аҳәынҭқарратә мчқәа рзы арезервтә фондқәа заԥҵоу иззыԥшым аныхрақәа рхарҭәааразоуп ҳәа.

"Афонд ашәагаа шьақәыргылахоит аҭыԥантәи аусбарҭа аӡбамҭа инақәыршәаны. Аҭыԥантәи аҳәынҭқарратә мчқәа рзы арезервтә фондқәа заԥҵоу иззыԥшым аныхрақәа рхарҭәааразоуп, арахь иаҵанакуеит авариа-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа, аԥсабаратә рыцҳарақәа уҳәа егьырҭ аҭагылазаашьа ҷыдақәа рыхҟьаԥҟьақәа раԥыхра, ауаажәларратә ҵакы змоу аусмҩаԥгатәқәа рфинансыркра, ауааԥсыра рсанитар-епидемиологиатә бзазара ишақәнагоу аиҿкаара", - иҳәеит Сангәлиа.

Иара убасгьы арҭ аԥарақәа рзырхахоит аҵиаақәеи иԥсабаратәу аалыҵқәеи рыхьчара, иалкаау административ-ҵакыратә ак аҿы инхо Аԥсны ауааԥсыра зныкҟьаралатәи аматериалтә цхыраара рзыҟаҵара.

2019 шықәса рзы иргылахо аобиектқәа рыӡбахә рҳәеит Аминистрцәа реилазаараҿы>>

Афонд аԥарақәа рныхра алшоит аҭыԥантәи ахада иқәҵарала. Ашәҟәаҿы иарбазароуп инырхуа аԥара ашәагаа, изауа ихаҭара, аныхра ахықәкы, аԥарақәа рхыҵхырҭа ҳәа азгәеиҭеит Давид Сангәлиа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0