Ҟрым астатус азы Порошенко иажәақәа адгьылбжьахалаҿы адгылара рырҭоит

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраҞрым
Ҟрым  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҟрым Урыстәыла иалалеит 2014 шықәса хәажәкырамзазы азеиԥшжәлартә референдум ашьҭахь. Ареферендум аҿы Ҟрым Урыстәыла иадларц рыбжьы рҭиит 95% адгьылбжьаха ауааԥсыра.

АҞӘА, рашәара 28 – Sputnik. Украина уаанӡатәи ахада Пиотр Порошенко аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ПАСЕ аҿы азинмчрақәа реиҭашьақәыргылара раԥхьатәи шьаҿоуп Европа Ҟрым Урыстәыла иахәҭакны иахәаԥшразы ҳәа. Ҟрым ауааԥсыра ракәзар, Порошенко иажәақәа ирыдгылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Чехиа ахада Милош Земан - Sputnik Аҧсны
Чехиа ахада Ҟрым Урыстәыла адларазы: шәҽаншәраал, уи ԥсахшьа амам

Асеиԥш аҳәамҭа Порошенко Феисбук аҿы иҟаиҵеит.

Ҟрым апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Владимир Бобков, Пиотр Порошенко иажәақәа ахҳәаа рыҭо, иазгәеиҭеит уи раԥхьаӡа акәны иҟоу шыҟоу иҳәеит ҳәа.

"Пиотр Порошенко Ҟрым астатус аганахь ала раԥхьаӡа акәны иҟоу шыҟоу иҳәеит. Ииашаҵәҟьаны Ҟрым аполитикатә зхаҵара апроцедура ахысра иаҿуп", - иҳәеит Бобков.

Урыстәыла Афедерациатә хеилак Жәларбжьаратәи аусқәа рзы аилак алахәыла Сергеи Цеков иара убасгьы Порошенко иҳәамҭа ахҳәаа аиҭеит. Иара дақәшаҳаҭхеит Урыстәыла ПАСЕ ахь ахынҳәра – дипломатиатә иааироуп, Ҟрымгьы Урыстәыла иаҵакыраны ахәаԥшра амҩа иқәуп ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит .

Цеков ПАСЕ аҟны украинатәи аделегациа ахымҩаԥгашьагьыиҵоурам ҳәа ахәшьара аиҭеит(Урыстәыла азинмчра аназдырхынҳә ашьҭахь дара асессиа ааныжьны ицеит. Украина иадгылеит Естониа, Латвиа, Литва, Қырҭтәыла, Польша).

 

Ажәабжьқәа зегьы
0