Дгьыли жәҩани еимаздо: ацәаҟәа аԥсуаа рдунеихәаԥшраҿы

CC0 / / Ацәаҟәа
Ацәаҟәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аӡы астихиа иузаҟәымҭхо иадҳәалоу ацәаҟәа аԥсуаа шазыҟоу атәы лматериал аҿы иҳамалдоит Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Ақәоура ашьҭахь иблахкыгаха, ԥшшәы рацәала еиларсны ажәҩан аҿы икыдло аԥсабаратә цәырҵра ацәаҟәа наџьнатә аԥсуаа рыхдырраҿы зыԥсы ҭоу ак акәны ирыԥхьаӡон. Уи инаваргыланы дгьыли жәҩани еимаздоз цҳак аҳасабала иахәаԥшуан. Ацәаҟәа анхарҭа азааигәа икыдны ирбар, "Ацәаҟәа ҳҭааит" ҳәа иазырҳәон. 

Аԥсуаа ишазгәарҭо ала, ацәаҟәа ауаҩԥсы иԥшра амоуп, алымҳақәа дууп, иамоуп алақәа, аҿы, ианаҭаху жәҩанахьтә адгьыл ашҟа илбааны ахаҿы аӡы иӡаакыланы иажәуеит, убри азоуп изырҳәо "Ацәаҟәа аӡы ажәуеит" ҳәа. 

Аалӡга аӡиас, Тҟәарчал - Sputnik Аҧсны
Аӡы иҭоу, мамзаргьы ацәҵыхәа аӡы аныҭнаго

Ажәытәӡан аԥсуаа рҿы Ацәаҟәа анцәахәқәа дырхыԥхьаӡалан. Уи даара илеишәа цәгьан, дыџьбаран. Ацәаҟәа нцәахәык иаҳасабала дизааҭгыло аҵарауаҩ Н. С. Џьанашьиа иазгәаиҭоит, ацәаҟәа анцәахәы аԥсҭҳәақәа дрылоуп, игәамԥхо ҟазҵо димеигӡакәа дахьирхәуеит, дирчмазаҩуеит. Ари анцәахәы дыдмыргәаарцаз аԥсуаа ацәаҟәа хны ианырбалак нахыс, ихыҵаанӡа рҿы рыӡәӡәомызт, аҵеџьқәеи аӡыхьқәеи рҿы аӡы ртомызт, аӡиасқәа рааигәа инеиӡомызт – еиҳараӡак иара ахы ахьҭакыз. Ажәакала, иахьынӡазалшоз аӡы рҽацәырыхьчон. 

Ацәаҟәа зызгәааз, ма иашәииз ауаҩы акырӡа иҽеицеикуеит, дҩеижьхоит, дҵыкәкәо далагоит. Ас еиԥш иҟалаз ауаҩы дыбзиахарц, арыӷьарахь дгьажьырц азы дырныҳәон. 

Аныҳәара шон ҩ-хәҭакны, ианымҩаԥырго ԥшьашан. Аныҳәара актәи ахәҭа: ԥшьашак аҽны аҳәса цқьақәа хҩык ачымазаҩ дрыгәҭылакны рааигәа ииасуа аӡиас, ма акәарахь илбаауеит. Зыԥшшәы еилаԥсаз ачыҭ ихы иакәрыхшон, абас ҳәауа: "О, Анцәа ду! Игха еилкааны ачымазаҩ дузааит, иахьазы иҟнытә абри ачыҭ ԥшӡа удкыл". 

Абас наҳәаны, ихы иакәрыхшаз ачыҭ аӡы иарҭон. Аҿаҭахьа иқәиҵон дук хара имгакәа аныҳәара ҟаҵаны ихы шҿихуа ҳәа.  

Шьҭа анеҩстәи аԥшьашазы ԥыхьа ишыҟарҵаз еиԥш аныҳәаҩцәа рыхҩыки рчымазаҩи маҭәа шкәакәала деибыҭаны аҿаҭахьа ахьрықәырҵаз аҭыԥ ахь илбаауан. Ачымазаҩ ихаҭа ида ари аныҳәараҿы ахацәа алахәызар ҟалаӡом. 

Аҟармаратәи аӡиас иху ацҳа ҭакнаҳа - Sputnik Аҧсны
"Бжьы-мшынк дырхысҭәҳәалт": аԥсуаа аӡы ишазыҟоу

Аныҳәара иаҭаху аусмҩаԥгатәқәа зегьы аҳәса ракәын иҟазҵоз. Арбаӷьки арцынаки уа аӡаҿы илбааганы иршьуан. Ашәымкьаҭ дыргылон, абысҭа руан, акәакәарқәеи акәытқәеи ржәуан, ашыламгьалқәа рӡуан. Аԥхьа акәакәарқәеи ашыламгьалқәеи рдуны быжьба-быжьба цыра ҟарҵон, нас даҽа быжьба-быжьба - иҵегь инеиҵаны. Амарҭхәқәа анымазеихалак, инаганы ашәымкьаҭ иқәырҵон, иара уаҵәҟьа быжь-цәашьык адыркуан.

Дныҳәон еицыз қәрала зегьы иреиҳабыз аԥҳәыс цқьа. Аныҳәара цонаҵы ачымазаҩ дшьамхнышгылазар акәын. Данахныҳәалак, акәакәар ссақәа быжьбеи, ашыламгьалқәа быжьбеи, быжь-ҿахрак абысҭеи наганы аӡы иарҭон, ацәаҟәа анцәахәы иаҳҭныҳәсақәа рхәы ҳәа. Аныҳәагатә чыс уа инатәаны ирфон, ирцәынхаз ганы аӡы ихырыԥсалон – аҩныҟа акгьы угар ҟаломызт. Шьҭахьҟа ихьамԥшыкәа ихынҳәыр акәын.

Ацәаҟәа иадҳәаланы ҳажәлар рҟны ахархәара змаз шәиира бааԥсқәоуп "Угәараҭа ацәаҟәа ықәлааит", "Угәараҭа цәаҟәасырҭахааит".

адыд-амацәыс - Sputnik Аҧсны
"Афы усааит": адыд-амацәыс заахаз рныҳәара

Ацәаҟәа иадҳәалоу ажәлар разгәаҭарақәа рхыԥхьаӡара маҷым, урҭ рӷьырак иахьа уажәраанӡа ахархәара рымоуп, иаагозар:

• Ацәаҟәа лассы-лассы ажәҩан аҿы ицәырҵуа иалагазар, уи абзиара иазҳәоуп.

• Ацәаҟәа ашьхара аганахь ихны иубар, аарҩара иазҳәоуп, амшын аганахь икыдзар - ӡысаамҭахоит.

• Амрагыларахь икыдлар, ашоура бааԥс иазҳәоуп, амраҭашәарахь – ақәаршаҩы леиуеит. 

• Ацәаҟәа амш аныбзиоу ихылар, лассы ақәа леиуеит.

• Ақәа анауа ацәаҟәа хылар, лассы амш еилгоит.

• Ацәаҟәа анху унацәа, ма унапы ақәукыр ҵасым, ихҩаауеит, мамзаргьы иҩеижьхоит рҳәоит. 

• Ацәаҟәа ухаԥыцқәа аурбар, иҩеижьхоит, ма зынӡа иҵышәшәоит рҳәоит.

• Аҽыхәа иақәымтәац арԥыс ихаԥыцқәа ацәаҟәа иабар, ихаԥыцқәа еиқәаҵәахоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0