Аџьаз фестиваль иазку апресс-конференциа мҩаԥгахоит Sputnik аҿы

CC0 / / Джаз
Джаз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 2 асааҭ 12:00 рзы Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥысраны иҟоуп апресс-конференциа, Жәларбжьаратәи афестиваль SUKHUM AQUAJAZZ 2019 иазкны.

Апресс-конференциа иалахәхоит:

Аҳәынҭқарратә филармониа асахьаркыратә напхгаҩы Есма Џьениаԥҳа

Аквинтет Liberty (Приднестровие) асахьаркыратә напхгаҩы Дмитри Шеремет

Аџьазмен Алексеи Самарин

Аԥшьбатәи жәларбжьаратәи афестиваль SUKHUM AQUAJAZZ 2019 аартхоит Аҳәынҭқарратә филармониаҿ ԥхынгәы 3, 5 рзы. Афестиваль рхы аладырхәхьан: ашәаҳәаҩ Рональд Беикер (ЕАА), Алексеи Черемизов итрио (Урыстәыла), Армен Мерабов итрио, аблиуз гәыԥ "Red Rocks", агитарарҳәаҩ Алексеи Кузнецов.

АИХ рхаҭарнакцәа ааҳаԥхьоит апресс–конференциахь (аҭыӡҭыԥ: ақ. Аҟәа, Пушкин имҩ. 16 (абизнес-центр "Гәдоу Плаза", 5 аихагыла).

Аккредитациа ҟалоит абри аҭел ала: +79409992191 Илона Авилова.

Азыҳәа анашьҭразы аелектронтә ҭыӡҭыԥ: i.avilova@sputniknews.com.

Иара убасгьы азҵаарақәа рынашьҭра ҟалоит Sputnik Аԥсны адаҟьахь (асоциалтә ҳа Facebook) ма аелектронтә ҭыӡҭыԥ i.avilova@sputniknews.com ахь.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0