Афестиваль "Аԥсны" Москва имҩаԥысит

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАфестиваль "Аԥсны" Москва имҩаԥысит
Афестиваль Аԥсны Москва имҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳҭнықалақь апаркқәа иреиӷьу апарк  "Красная Пресня" аҿы афестиваль "Аԥсны" аҭааҩцәа анард иасуеит, аԥсуа кино иахәаԥшуеит, кавказтәи акәашарақәа рҵоит, ирҵоит аԥсуа бызшәа.

МОСКВА, ԥхынгәы 1 – Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Амш рацәак аԥхын мшы ишеиԥшымгьы аԥсуа культура афестиваль "Аԥсны" аҭааҩцәа рацәоуп.

Иара мҩаԥысуеит Москва, апарк "Красная Пресня" аҿы.

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАфестиваль "Аԥсны" Москва имҩаԥысит
Афестиваль Аԥсны Москва имҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Афестиваль "Аԥсны" Москва имҩаԥысит

Афестиваль еиҿыркааит Москва иҟоу аԥсуа диаспора, Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа ацхыраарала.

Асеиԥш иҟоу ауснагӡатәқәа аинформациа-пропагандатә ҟазшьа рымоуп ҳәа азгәеиҭеит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба.

"Ацҳаражәҳәарҭа аусура иахықәкы хадақәоу иреиуоуп Аԥсны аӡбахә аларҵәара, акультура, аҵас, ақьабз ауаа дырдырра. Афестиваль "Аԥсны" аусурагьы абри ауп изызку", - иҳәеит Ацҳаражәҳәаҩ.

Урыстәыла иҟоу аамҭалатәи Никарагуа аусқәа рзы агәрага Альба Асусена Торрес Мехиа илҳәеит арахь дзааиз аԥсуа ҩы агьама абареи аԥсуа бызшәа аҳареи рзы шакәу.

"Аԥсни аԥсуа бызшәеи, ажәлари рыӡбахә зҳәәо зегьы ринтерес сымоуп. Аԥсны саныҟаз згьама збаз ачыслых зегьы даара исгәаԥхеит", - лҳәоит Альба Асусена Торрес Мехиа.

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАфестиваль "Аԥсны" Москва имҩаԥысит
Афестиваль Аԥсны Москва имҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Афестиваль "Аԥсны" Москва имҩаԥысит

Афестиваль ахь днеиит Аԥсны Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа.

"Сара ҷыдала афестиваль салахәхап ҳәа смааит, аха ишымҩаԥысуаз ансаҳа саҭааит. Традициак аҳасаб ала ишьақәгылеит афестиваль амҩаԥгара", - иҳәеит иара.

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАфестиваль "Аԥсны" Москва имҩаԥысит
Афестиваль Аԥсны Москва имҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Афестиваль "Аԥсны" Москва имҩаԥысит

Афестиваль аатит асааҭ 15:00 рзы, асааҭ 22:00 рзы концертла ихыркәшахеит. Аконцерттә программа иалахәын аоператә шәаҳәаҩы Алиса Гыцԥҳа, амузыкант, акомпозитор Александр Шьоуа, ашәаҳәаҩцәа Валериа Адлеиԥҳа, Амра Барганџьиаԥҳа, Саида Агрԥҳа, Гиа Ԥлиа, Милена Барцыцԥҳа, Викториа Лабиаԥҳа, Мактина Бебиаԥҳа, амилаҭтә хореографиатә коллективқәа "Нарты", "Алон".

© Sputnik / Сергей Пятаков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАфестиваль "Аԥсны" Москва имҩаԥысит
Афестиваль Аԥсны Москва имҩаԥысит - Sputnik Аҧсны
Афестиваль "Аԥсны" Москва имҩаԥысит
Ажәабжьқәа зегьы
0