Аҿыцрақәа алагалоуп: "Аԥсуа бызшәазы" аԥышәара зегь аҵанамкр ауеит

CC0 / / Диктант
Диктант - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла ахада ҳәа кандидатс иқәгыло рзы рзы аԥышәара амҩаԥгараан ахархәара рыҭахоит идырым атекстқәа реиҭеиҭаҳәареи реиҭаҩреи.

АҞӘА, ԥхынгәы 1 – Sputnik. 2015 шықәса рзы атәыла ахада иалхрақәа раан аԥсуа бызшәазы аԥышәара зҭихьоу 2019 шықәса рзы аԥышәара иахмыжьхар алшоит. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ацентртә алхратә комиссиа алингвистикатә комиссиа алахәыла Алексеи Касланӡиа.

Иара иажәақәа рыла асеиԥш аӡбра рыдыркылеит 2015 шықәса раахыс аԥышәарақәа рҭагылазаашьа ахьырымԥсахыц инадҳәаланы.

Алықьса Касланӡиа - Sputnik Аҧсны
Арадио
Касланӡиа: Аԥсны ахадарахь акандидатцәа рзы аԥышәара аԥҟарақәа аԥсахрақәа алаҳгалеит

"Уажәы ҳаар уаанӡатәи аҭагылазаашьақәа ҳрыхәаԥшны иазаҳаԥхьаӡеит иҟоу шыҟоу иаанхарц. Убас, акандидат Аслан Бжьаниа аҽазнык аԥышәара иахыгара ҵаҵӷәы амаӡам. 2015 шықәса рзы атәыла ахада иалхрақәа раан аԥсуа бызшәазы аԥышәара зҭихьоу 2019шықәса рзы аԥышәара иахыжьхом", -  иҳәеит иара.

Аха арахь иаҵанакуам 2009 шықәса рзы аԥышәара зҭиуаз.

"Усҟан аахыс аҭахрақәа рҽырыԥсаххьеит. 2009 шықәса рзы акандидат атекст даԥхьаны еиҭеиҳәар акәын, нас ақьаад ахь ииаигон. 2015 шықәса рзы ҩыралатәи атекст аҽакуп", - иҳәоит иара.

Касланӡиа иажәақәа рыла ахада ихаҭыԥуаҩгьы аԥышәарақәа ирҭира азҵаарагьы иалацәажәоуп.

"Атәыла ахада иҟамзаараан ауаа драцәажәароуп, идикылароуп иара ихаҭыԥуаҩ. Аԥсшәа ззымдыруа иуаажәлар дышԥарацәажәари? Убри азы ҳара ҳгәаанагарала ахадагьы ахада ихаҭыԥуаҩгьы аԥышәара рҭироуп", - иҳәоит иара.

Алингвистикатә комиссиа иалахәуп: Шота Арсҭаа, Алексеи Касланӡиа, Лили Ҳагба, Диана Џьынџьалԥҳа, Баҭал Хагәыш.

Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынгәы 21 2019 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0