Ҷыҭанаа апальмаҵлақәа рзы: ичмазаҩу рхыԥхьаӡара иацымлеит
"Апальма ҵлақәа рзы ишәарҭоу абжы ҟаԥшь аҟынтә аҵлақәа рыхәшәтәразы аусурақәа ирыцҵоуп. Урҭ хылаԥшра рырҭоит аекологцәа. Абжы ҟаԥшь аԥырҟәҟәааразы ахәшәтәрақәа аҩбатәи рыхәҭа цоит. Аҟәа ақалақь ахадара иҳанаҭаз атехникеи ауааи рымчала ахәшәтәрақәа мҩаԥысуеит. Ачымазара злаҽу апальмаҵлақәа ҵаҟатәи рымахәқәа аиҳарак ԥҟоуп. Ахәшәтәрақәа ракәзар алҵшәа бзиақәа аадырԥшит. Ахҿарах дәықәлеит, ачымазара злаҽыз аҵлақәа рхыԥхьаӡара иацымлеит. Аԥхын иалагӡаны даҽа хынтә ахәшәтәра мҩаԥгахоит", - ҳәа адырра ҟаиҵеит Ҷыҭанаа.
Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.