АҞӘА, ԥхынгәы 2 - Sputnik. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы Гәдоуҭа ааигәара амҩатә машәыр амзыз шьақәдыргылеит.
Иҟоу адыррақәа рыла автомашьына "Honda Elysion" аԥсҟы зкыз, 1962 шықәса рзы ииз Гәдоуҭа ақалақь ауаҩԥсы Гагрантәи Гәдоуҭаҟа амҩа дшықәыз иаԥхьаҟатә цәаҳәа даныланы автобус маҷ "Mercedes-Benz Sprinter" дасит ҳәа ахҭыс ахҳәаа арҭеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы.
Автобус маҷ "Mercedes-Benz Sprinter" Аҟәантәи Гаграҟа ахы хан. Иара иҭатәан 20-ҩык апассаџьырцәа.
""Honda Elysion" аԥсҟы зкыз аҭыԥ аҿы иԥсҭазаара далҵит, иԥшәмаԥҳәыс Аҟәа, ареспубликатә хәышәтәырҭахь днагоуп. Лара лажәақәа рыла амҩан лхаҵа игәы ихьит", - аҳәоит адырраҭараҿы.
"Mercedes-Benz Sprinter" аԥсҟы зкызи 18-ҩык апассаџьырцәеи Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭахь инагоуп.. Урҭ рыԥсҭазаарақәа шәарҭара иҭагылам.
Ахҭыс инадҳәаланы Гәдоуҭатәи ААР аусҭҵаара иаҿуп.