Алхратә комиссиа хадаҿы иҭарҩит даҽа аԥшьгаратә гәыԥк

© Sputnik / Томас ТхайцукАкандидат иҭаҩра
Акандидат иҭаҩра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Алхратә комиссиа хадаҿы аԥшьгаратә гәыԥқәеи аполитикатә партиақәеи ашәҟәы рҭаҩра хацдыркит рашәара 26 рзы, уи хыркәшахоит ԥхынгәы 15 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 3 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны алхратә комиссиа хадаҟны ԥхынгәы 3 рзы иҭарҩит Аԥсны ахадарахьы акандидатс Олег Аршба иқәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥ, абри атәы аанацҳауеит АКХ.

Рашәара 26 рзы ашәҟәы иҭагалан Алмас Џьапуа икандидатура ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥи Леонид Ӡаԥшьба икандидатура ықәзыргыло аполитикатә партиа "Акзаареи".

Алхратә комиссиа хада - Sputnik Аҧсны
АКХ аҿы ахадарахьы акандидат иқәыргыларазы аԥшьгаратә гәыԥқәа даҽа ҩба ҭарҩит

Рашәара 27 рзы ашәҟәы иҭагалан Асҭамыр Какалиа икандидатура ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥ, рашәара 28 рзы - Асҭамыр Ҭарбеи Асҭамыр Оҭырбеи ркандидатурақәа ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥқәа.

Ԥхынгәы 1 азы ашәҟәы иҭагалан аполитикатә партиа "Иаку Аԥсны", ԥхынгәы 2 рзы – аполитикатә партиа "Амцахара".

Ԥхынгәы 3 рзы Аԥсны Алхратә комиссиа хада иҭанаҩит Аԥсны ахадарахьы Олег Аршбеи Шамиль Аӡынбеи ркандидатурақәа ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥқәа ҩба.

Аԥшьгаратә гәыԥқәа еизыргароуп 2 нызқь иреиҵамкәа, аха 2,5 иреиҳамкәа ркандидат иқәыргылара ишидгыло азы ауаа рнапынҵамҭақәа.

Аполитикатә партиақәа ракәзар, урҭ ркандидатцәа рықәыргыларазы иҷыдоу аизарақәа мҩаԥыргароуп.

Ашәҟәқәа АКХ ианаднакыла ашьҭахь, жәамш урҭ ҭнаҵаауеит. Акандидатцәа рҭаҩра ԥхынгәы 25 иахымгакәа имҩаԥгатәуп.

Атәыла ахадарахьы акандидатцәа ықәзыргыло аԥшьгаратә гәыԥқәа рҭаҩразы (аполитикатә партиақәа убрахь иналаҵаны - аред.) иаҭахуп 10-ҩык ауаа, урҭ зегьы дара рхаҭара шьақәзыргыло адокументқәа ааргароуп. АКХ урҭ ирынаҭоит ахадарахьы акандидат иҭаҩразы иаҭаху адокументқәа рсиа.

алхрақәа - Sputnik Аҧсны
Аԥсны атәыла ахада иалхрақәа: аҽазыҟаҵарақәеи, аԥсахрақәеи

Аԥсны ахада иалхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп нанҳәа 25, 2019 шықәса рзы.

Ахада далырхуеит ҿҳәарас ҳәа хәышықәса иҭаны. Убри аан инеиԥынкыланы ҩынтә иеиҳаны иалхра ҟалом. Аамҭакала далырхуеит акандидат зыӡбахә иҳәо ахада ихаҭыԥуаҩ.

Азакәан инақәыршәаны агитациатә аамҭа ҳәа иԥхьаӡоуп акандидат данҭарыҩ инаркны абжьыҭара амш аҟынӡа (абжьыҭара амш аҿны агитациа аҟаҵара ҟалом - аред.). Ареспублика иахьаҵанакуа алхрақәа рымш аҽны аус рулоит 152 алхырҭатә ҭыԥ.

Аԥсны ахадас дҟалар илшоит Аԥсны атәылауаҩ, милаҭла иаԥсыуоу, аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны издыруа, 35 шықәса иреиҵам, аха 65 шықәса иреиҳам, алхратә зин змоу, аҵыхәтәантәи ахәышықәса иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны инхо.

Ажәабжьқәа зегьы
0