АҞӘА, ԥхынгәы 3 – Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа рделегациа алахәуп II Жәларбжьаратәи афорум "Развитие парламентаризма". Абри атәы ааицҳауеит Апарламент аппарат анапхгаҩы Вадим Бжьаниа.
Афорум аатит ԥхынгәы 1 рзы. Аԥсны Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа Москва апарламентбжьаратә Форум аҿы дықәгылан ажәахә ҟаиҵеит.
Ажәахә иахьӡын "Апарламентбжьаратә усеицура, апринципқәа, атрендқәа, аинститутқәа".
"Анапеинҟьабжьқәа рыла ахәшьара ҟауҵозар, ажәахә даара ибзианы ирыдыркылеит", - иҳәеит Вадим Бжьаниа.
Афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Валери Кәарҷиеи Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа Леонид Калашникови, Казбек Таисаеви, Ирек Зиннурови реиԥылара. Ирылацәажәан атәылақәа рыҩбагьы рпарламентқәа реинырра азҵаарақәа, иара убасгьы Қырҭтәыла аҵыхәтәантәи аҭагылазаашьақәа.
II Жәларбжьаратәи афорум "Развитие парламентаризма" мҩаԥысуеит Москва, ԥхынгәы 1 - 3 рзы. Иара иалахәуп 800-ҩык рҟынӡа аделегатцәа 130 тәыла рҟынтәи.
Афорум азырхоуп апарламентбжьаратә усеицураз актуалтә зҵаарақәа.