Шоигу Баренцев имшын аҿы иҟалаз арыцҳара аҭагылазаашьақәа ҭиҵаауеит

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраС.Шоигу
С.Шоигу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аӡаҵатәи аҭҵаарадырратә аппарат аҟны амцакра амзызқәа рышьақәыргылара иаҿуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 3– Sputnik. Урыстәыла Атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу Урыстәыла ахада Владимир Путин идҵала Североморскҟа днеит. Уа иара амцакра амзызқәа рышьақәыргыларазы иаԥҵоу акомиссиа алахәылацәа дрыҿцәажәоит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ахада Владимир Путин дидышшылеит амшынуаа ахьҭахаз инамаданы

Аӡаҵатәи аҭҵаарадырратә аппарат аҟны амцакра ҟалеит ашәахьа, ԥхынгәы 1 азы урыстәылатәи аҵакырадгьылтә ӡқәа иахьрыҵаркуа. Аппарат аӡаҵатә ҭагылазаашьа аҭҵаара иазырхан. Ахҭыс ҟалеит абатиметриатә шәара-зарақәа рымҩаԥгараан.

Амцарцәараан иҭахеит 14-ҩык амшынуаа. Урҭ рҟынтәи быжьҩык актәи аранг акаԥданцәеи ҩыџьа "Урыстәыла Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ зхызи роуп.

Владимир Путин иҭахаз рҭаацәа дрыдышшылеит, урҭ иахәҭоу ацхыраара рыҭазарц адҵа ҟаиҵеит.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0