Аҟәа иӡырган "Аԥсны аспорттә хьӡыԥша" захьӡу ашәҟәы

© Sputnik / Бадрак АвидзбаАспортсменцәа дуқәа ирызкыз ашәҟәы аӡыргара
Аспортсменцәа дуқәа ирызкыз ашәҟәы аӡыргара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәҟәы рызкуп Аԥсны иалҵыз аспортсменцәа, адунеи, СССР, Европа, Аолимпиатә хәмаррақәа рчемпионцәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 4 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ашәҟәы "Аԥсны аспорттә хьӡыԥша" ӡырган Амилаҭтә библиотекаҿы.

Аԥсуа спорт атрадициа дуқәа амоуп. Уажәшьҭа уи атәы иҵегьы ирацәаны ауаа ирдырыр рылшоит иҳәеит Аԥсны Аолимпиатә еилакы аиҳабы Валери Аршба, иагьазгәеиҭеит ашәҟәы аҭыҵра Аԥсназы аҵак ду шамоу.

© Sputnik / Бадрак АвидзбаАшәҟәы "Аԥсны аспорттә хьӡыԥша" ӡырган Амилаҭтә библиотекаҿы.
Аҟәа иӡырган Аԥсны аспорттә хьӡыԥша захьӡу ашәҟәы - Sputnik Аҧсны
Ашәҟәы "Аԥсны аспорттә хьӡыԥша" ӡырган Амилаҭтә библиотекаҿы.

Ашәҟәы ҭыжьуп Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба иаԥшьгамҭала.

Абаҩрҵәыреи аспорти рзы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Баграт Хәытаба ашәҟәы аҭыҵра зџьабаа аду зегьы ҭабуп ҳәа раҳәо, иазгәеиҭеит аԥсуа спорт аветеранцәа атәыла аҭоурых аҿы рлагаламҭа ду.

Ашәҟәы автор Александр Банников аекземплиарқәа руак атәыла ахада ҳамҭас ииҭеит.

Ашәҟәаҿы рыӡбахә ҳәоуп аолимпиатә чемпион, ашьапылампыласыҩ Никита Симониан, аӡсаҩ Владимир Лавриненко, аӡсаҩ Борис Никитин, атлетика ласы аҟны хынтә Аолимпиатә чемпион Виктор Санеев уҳәа егьырҭгьы.

Ашәҟәы аус адиулонаҵы автор аспортсменцәа жәпаҩык дырԥылеит, дрыҿцәажәеит.

"Ашәҟәаҿы ҷыдала рыӡбахә ҳәоуп 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан еибашьуаз аспортсменцәа", - ҳәа азгәеиҭеит Банников.

Иара убасгьы ашәҟәаҿы ирзааҭгылоит 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алахәылацәа. Зтираж зқьы екземплиар ыҟоу ашәҟәы автор ҩышықәса аус адиулон.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0