00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
18:00
31 мин
18:30
31 мин
21:00
31 мин
21:30
31 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ақыҭақәеи ашколқәеи рзы: Очамчыра араион аҿы автобус ҿыцқәа аныҟәара иалагоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАвтобус ҿыцқәа Очамчыра араион азоужьра
Автобус ҿыцқәа Очамчыра араион азоужьра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны араионқәеи ақыҭақәеи рзы ашколтә автобус ҿыцқәа раахәаразы 162 миллион мааҭ азоужьын ареспублика асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.

АҞӘА, ԥхынгәы 4 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Очамчыратәи араионтә автопарк автобус ҿыцқәа 10 аиуит.

Автобусқәа ареспублика асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестициатә программа инақәыршәаны иаахәоуп. Араион ахада ихаҭыԥуаҩ Виачеслав Қәычбериа иажәақәа рыла, автобусқәа руак ақалақь аҩнуҵҟа иныҟәалоит, автобусқәа ԥшьба ақалақьбжьаратә маршрут ала иныҟәалоит.

"Егьырҭ ԥшь-автобуск араионтә школқәа ирыҭахоит. Очамчыра араион аҿы 29 школ ыҟоуп. Ирымаз 16 автобус азхомызт", - иҳәеит иара.

Ашколтә автобусқәа 3 рыҭахоит Кындыӷ, Џьгьарда, Ҷлоу.

"Автобусқәа руак Очамчыра инҳажьуеит. Ақалақь аҿы х-школки аспортшколи аус руеит. Араҟагьы транспортда акыр иуадаҩуп", - иҳәеит иара.

Автобус ҿыцқәа 23 тәарҭа ҭыԥ рымоуп.

Ԥхынгәымза иаларкны аҳәынҭқарра даҽа 60 автобус ҿыц раахәара азԥхьагәаҭаны иамоуп.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0