Хра злоу ахҭысқәа: Ешба Ҭырқәтәылантәи ахәыҷқәа Аԥсны рыԥсшьара иазкны
"Ахәыҷқәа Аԥсны ршьапы ианықәдыргыл рылаӷырӡ аара иалагеит. "Аԥсны ҳааит!" ҳәа рҳәон, ргәырӷьара ҳәаак амамызт. Ҳаԥсадгьыл абираҟ ршәшәо, "ҳааит" ҳәа ҭелла рҭаацәа ирацәажәон. Дара ирарҳәон "шәаргьы шәаароуп, Аԥсны бзиоуп" ҳәа. Ахәыҷқәа рыԥсадгьыл агәыбылра ркит", - ҳәа азгәеиҭеит Ешба.
Шамиль еиҭеиҳәеит ахәыҷқәа Аԥсны иҟанаҵы изҭаахьоу аҭыԥқәа шрыдыркылаз атәы.
"Актәи амш азы Владислав Арӡынба ибаҟаҿы ҳаҟан, иара убас Афон ҿыцтәи аҳаԥы, ахәыҷқәа абжьы аҩныҩшьа џьаршьеит, ишәаҳәеит, икәашеит. Аиашазы, иҭыҵырц рҭахымызт. Еиҭа Мықәашҭа, Оҭаԥ аҳаԥы уҳәа аамҭа ҳаманаҵы Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа ҳрылсырц ҳгәы иҭоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ешба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.