Маргарита Симониан иреиӷьу амедиаменеџьер ҳәа лыӡбахә ҳәоуп

© Sputnik РИА Новости / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГлавный редактор телеканала RT и МИА "Россия сегодня" Маргарита Симоньян
Главный редактор телеканала RT и МИА Россия сегодня Маргарита Симоньян - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амилаҭтә ԥхьахә "Медиаменеджер России" 2001 шықәса рзы ишьаҭаркынамедиабизнес аҿы еиҳа аҵакы зманы иҟоу ахҭысқәа раарԥшреи рыларҵәареи рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 5— Sputnik. Амедиабизнес аҿы иналукааша амилаҭтә ԥхьахә "Медиа-менеджер России" аҟны Гран-при 2019 ланаршьеит амедиагәыԥ "Россия сегодня", RT редактор хада Маргарита Симониан.

Ахәшьара ҳаракқәа роуит "Россия сегодня", ателеканал RT рпроектқәа. Арахь иаҵанакуеит - Sputnik Pro, асовет еидгыла аҵакырашьҭахьтә тәылақәа рҟны амедиасфера аҟазауаа еидызкыло; "Найди меня, мама", злахьынҵа зцымныҟәаз ахәыҷқәа аҭаацәара ҿыцқәа роуртә еиԥ аусурақәа мҩаԥызго.

Аԥхьахә зауз RT асоциалтә активқәа ирыҵаркуеит - апроектқәа #НеОдинНаОдин, "Дальше действовать будем мы" (ДДБМ).

Круглый стол, посвященный 15-летию Владимира Путина во главе России - Sputnik Аҧсны
Симониан: Ассанж иахьазы иналукааша журналиступ

Амедиагәыԥ "Россия сегодня", RT аредактор хада Маргарита Симониан Гран-при лоура иацхрааит ажурналист Иван Голунов иганахь ала имҩаԥылгаз аусура.

Иара убасгьы Гран-при вианашьахеит акинорежиссер, апродиусер Федор Бондарчук.

"Медиа-менеджер России-2019" лауреатс рыӡбахә ҳәоуп: МИА "Россия сегодня" аредактор хада лхаҭыԥуаҩ Наталиа Лосева (акатегориа "Социальные медиа").

МИА "Россия сегодня" урыстәылатәи амедиаџьармыкьаҿ аԥхьа игыло иреиуоуп. Аҳәаанырцә аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik иӡырнаго атитултә проектқәа иреиуоуп апроект Sputnik Pro. Иара азырхоуп аҳәаанырцәтәи аколлегацәа аԥышәа рымдара, амедиакоммуникациақәа рырҭбаара.

80 тәыла рҟны ауаа ирымоуп алшара Sputnik Pro азыӡырыҩрразы.

МИА "Россия сегодня" асоциалтә активқәа иреиуоуп - апортал "Социальный навигатор"; апроект "Найди меня, мама".

2014 шықәса раахыс амедиагәыԥ Амилаҭтә Программа "Лучшие социальные проекты России", жәларбжьаратәи аиндаҭларақәа Communicator Awards, (WAN-IFRA) European Digital Media Awards рҟны аԥыжәара агоит.

МИА "Россия сегодня" — жәларбжьаратә медиагәыԥуп. МИА "Россия сегодня" иахьазы аинформациатә маҵзуратә ресурсқәа: РИА Новости, Спорт РИА Новости , Недвижимость РИА Новости, Прайм, Рейтинг РИА Новости, ИноСМИ, Социальный навигатор еиднакылоит, аҳәаанырцә аус ауеит аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik.

Ажәабжьқәа зегьы
0