Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳаразиа: амҩа иахҟьаны ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаицәыхарахо ҳалагеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВадим Ҳаразиа
Вадим Ҳаразиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсныи Ҭырқәтәылеи амшынтә еимадара рыбжьаҵара азҵаара ӡбашьак аҭатәуп ҳәа азгәеиҭеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа арадио Sputnik аефир аҿы.
Ҳаразиа: амҩа иахҟьаны ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаицәыхарахо ҳалагеит

"Ҳамҩа хәыҷык ицәгьахеит. Аԥсныи Ҭырқәтәылеи амшынтә еимадара рыбжьаҵаразы азҵаара ҳахьнеилакгьы ицәырыргоит. Убри ҳазхәыцроуп. Шәачала амҩақьыра ахәқәа халеит, иуадаҩхеит аиҭанеиааира. Уеигәырӷьаратә иҟоуп 50-ҩык ахәыҷқәа Иорданиантәии Ҭырқәтәылантәии Аԥсныҟа раара ахьалыршахаз. Ҳара уи аус адааулоит аҟнытә, иаҳбарҭоуп иҟоу ауадаҩрақәа ртәы. Мшынла ишиашоу амҩа ыҟазҭгьы, даара имариахон, ҳаимадарагьы иаҳа аҽарҭбаауан. Ҳдиаспора ахаҭарнакцәа аиҳарак рхатә џьабаала, ԥхӡала ауп аԥара шдырҳауа. Аӡәы ицара-аара зықь долларк инареиҳаны иартәоит, ҭаацәаныла акәзар, иахькылнаго еилкаауп. Ари азҵаара атәы ззымдыруа дыҟам, аха зегьы ҳаидгылан, акахьы икылаҳгароуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳаразиа.  

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.    

 

Ажәабжьқәа зегьы
0