Аԥсуа культура ӡырызго: ажурнал "Аҟазара" 40 шықәса ахыҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукЖурнал Аказара
Журнал Аказара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажурнал "Аҟазара" раԥхьатәи аномер ҭыҵит ԥхынгәы 7, 1979 шықәса рзы. Уи раԥхьа хьӡыс иамази, аҭыҵра иадҳәалаз ҭагылазаашьақәас иҟази, иахьатәи аԥсҭазаашьеи ртәы шәаԥхьа Аинар Ҷыҭанаа иматериал аҿы.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иалҵшәахаз

Иаҳхысыз ашәышықәса 70-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭа аԥсуа журналистика ԥхьаҟатәи алахьынҵа зыӡбаз ахҭысқәа аҭыԥ рыман. 1977-78-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны иҟаз аполитикатә ҭагылазаашьа уадаҩ ажәлар рыҩнуҵҟа иарҵысит ахатәы телехәаԥшра аиҿкааразы агәаҳәара ду. Усҟан гәыԥҩык ауаажәларратә усзуҩцәа рҽеидкыланы Аԥсны аиҳабырахь иҟарҵеит ааԥхьара. Уаҟа иаҳәон қарҭаа имҩаԥыргоз аԥсуа жәлар ақырҭуа етнокультуратә дунеи ралаӡҩара аполитика дара шақәшаҳаҭым.

Генадий Аламия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Аламиа ажурнал "Аҟазара" иазкны: иҟаз еихаҳаны ԥхьаҟа игатәуп

Абри ашьҭахь Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо аҭыԥ роуа иалагеит ақыртуа политика аҿагыларазы ааԥхьара ҟазҵоз амитингқәа. Усҟан аԥсуаа рхатәы бызшәала ицәажәо амассатә информациатә хархәагақәа рҵакы ахьынӡаҳаракыз еилыркаауан аҟнытә, напы здыркыз аус иацәхьамҵӡеит. Ноиабр 6, 1978 шықәсазы аефир ахь иагьцәырҵит аԥсышәала ицәажәоз раԥхьаӡатәи аԥсуа телехәаԥшратә дырраҭара. Уи алагьы аԥсуа журналистика аԥсҭазаара ҿыц аҭан. 

Ателехәаԥшреиԥш, ашьаҿа бзиақәа ҟанаҵеит апериодикатә кьыԥхьгьы. Уи аихьӡарақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп сынтәа 40 шықәса зхыҵыз ажурнал "Аҟазара". Иара ҭыҵуеит ԥхынгәы 7, 1979 шықәса раахыс.

Аԥсны акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра иҭнажьуа ари апериодикатә кьыԥхь аханатә редакторс дыҟан апоет, ашәҟәыҩҩы Џьума Аҳәба. Аха ҳазҭоу ашықәс алагамҭазы Џьума Виссарион-иԥа иԥсҭазаара даналҵ, ажурнал редактор хадас даҭан апоет, ауаажәларратә усзуҩы Геннади Аламиа.

Геннади Шьаликәа-иԥа ажурнал "Аҟазара" ҭоурыхтә ҵакыс иамоу далацәажәо, иазгәеиҭеит иара аԥсуа жәлар амилаҭ хақәиҭратә қәԥараҿы иргаз аиааирақәа ишреиуоу. Апоет иажәақәа рыла, ажурнал атематикатә шьақәгылашьа, иалоу аҟәшақәа уҳәа шамахамзар аиҭакрақәа ирхымсӡеит, Аԥсны аҟазаратә ԥсҭазаара шаанарԥшыц иаанарԥшуеит.

Џьума Аҳәба - Sputnik Аҧсны
Аҭуӷан

"Ажурнал аихьӡарақәа ртәы анаҳҳәо, зегь раԥхьаӡа даҳгәалашәоит уи аԥызҵаз, 40 шықәса инеиԥынкыланы напхгарагьы азызуаз апоет Џьума Аҳәба. Иара илиршеит убри аиԥш аҭагылазаашьа аԥҵара, аредакциа амаҵ азызуаз ауаа рыдагьы, аԥсуа интеллегенциа ахаҭарнакцәа зегьы ажурнал аԥсҭазаара иалахәызартә еиԥш. Сгәанала, ари ажурнал иахьанӡагьы иҭҵааӡам. Иара анкьатәи аномерқәа уанрыԥхьо, иубарҭоуп ҳкультура, ҳҟазара еиуеиԥшым аганқәа асаркьеиԥш ишаныԥшуа. Аиашазы, аус дуӡӡа нарыгӡон", - иазгәеиҭоит аредактор хада.

Зыӡбахә ҳамоу ажурнал раԥхьа аҭыҵра ианалагоз "Аԥсны аҟазара" ҳәа ахьӡны акьыԥхь абон. Аха шықәсқәак рышьҭахь ажәа "Аԥсны" амхны "Аҟазара" ҳәа ахьыӡҵахеит. Геннади Шьаликәа-иԥа иажәақәа рыла, еиҳа ииашахон дырҩегь ажәытә вариант ырхынҳәызар. Избан акәзар ажәа "аҟазара" зеиԥш хьӡуп ажәларқәа зегьы рзы, ажурнал атематика инагӡаны иазаарԥшӡом.

Анапеилаԥса

Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа адиректор, аскульптор Амиран Адлеиба игәалаиршәеит ажурнал аҭыҵра ианалага уи аномер заҟа гәыхыҭхыҭрала иазыԥшыз аҟазара знапы алакыз ауаа. Џьума Виссарион-иԥа ажурнал аԥсҭазаашьа иахьынӡауа ала ирацәаҩны арҿиаҩцәа ралархәра дашьҭан аҟнытә,  Амиран Сардион-иԥагьы астатиа иирҩит. Уи изкын аскульптор Витали Џьениа. Амиран Адлеиба излеиҳәо ала, ари иара раԥхьатәи истатиа акәын. Зынӡа ажурнал иагәылалаз иҩымҭақәа хыԥхьаӡарала 25 инарзынаԥшуеит.

Аԥарда - Sputnik Аҧсны
Ар ирнымиац - дхаҵа ӷәӷәоуп: атеатртә критика аҟамзаара ахҟьаԥҟьақәа

"Џьума Виссарион-иԥа иабалак ажурнал ианиҵаӡомызт, даараӡа иқәиҵон-иқәихуан. Ашәаҳәара, акәашара, асахьаҭыхра иазкыз ауаа, хәыҷык знапы акы аҩуеит ҳәа игәы иззаанагоз аус рыдиулон, идирҩуан еиуеиԥшым астатиақәа. Уи ибон акритикцәа амаҷхара ишаҿыз, убри азакәын аӡә даанмыжькәа зегьы аҩраҿы рхы ԥыршәаларц зиҭахызгьы. Ҳәарада, иахьагьы акритика - зыда ԥсыхәа ыҟам акоуп", - игәаанагара иҳәеит Амиран Сардион-иԥа.

Иахьатәи аамҭазы ажурнал "Аҟазара" ҭыҵуеит хымз рахь знык. Ҿыгҳарала 24 даҟьа роуп иагәылоу. Аредактор хада Геннади Аламиа иажәақәа рыла, иҟоуп агәҭакқәа ҳаԥхьаҟа ажурнал амҽхак арҭбааразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0