Урыстәыла ААР: ателеканал "Рустави 2" амҩаԥгаҩ иқәгылара иаҩызоу цәырԥхашьара ҟамлацт

© Sputnik / Максим Блинов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра азыԥшуп жәларбжьаратәии арегионалтәии еиҿкаарақәеи ажурналисттә уаажәларреи рҭак Қырҭтәыла ателехәаԥшра аефир аҿы аҭыԥ змаз ахҭыс азы.

АҞӘА, ԥхынгәы 8 - Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ақәыӡбеит ақырҭуа телеканал "Рустави 2" аҟны амҩаԥгаҩ иқәгылара.

"Агәыларатә ҳәынҭқарра ахада ихьӡала ақырҭуа телеканал "Рустави 2" аҟны амҩаԥгаҩ асеиԥш ицәаԥҽыгоу ихымҩаԥгашьа хымԥада иақәыӡбатәуп", - ҳәа азгәаҭоуп Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра асаит адырраҿы.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы иазгәарҭеит рашәара 20 рзы урыстәылатәи апарламентарицәа арадикалцәеи апровокаторцәеи аныргәыдлаз, Қырҭтәыла анапхгара ишрылдыршаз урҭ рықәыӡбара.

Акция оппозиции в парламенте Грузии - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Апарламент Қырҭтәыла адепутат иганахь ала ашьаус хацыркызарц адҵа ықәнаргылоит

"Ақырҭуа уаажәларраҿы иҟалаз ахҭыс ишақәыӡбо аабоит. Ацивилизациатә ҳәынҭқарраҿ асеиԥш ҟалашьа амамзароуп", - ҳәа инаҵшьны иазгәарҭеит аминистрраҿы.

Амҽыша ауха аканал "Рустави 2" автортә программа "P.S." аҟны Урыстәыла ахада Владимир Путин ихы иқәкны ҿыҭыӡәӡәаала дцәажәеит амҩаԥгаҩ.

"Рустави 2" иҟалаз ахҭыс ақырҭуа уааԥсыра рыхәҭак агәыԥжәара рызцәырнагеит. Ауха ателеканал иадеизалеит шәҩыла ауааԥсыра. Урҭ адҵа ҟарҵеит амҩаԥгаҩи ателеканал адиректори Урыстәыла ахада иҿаԥхьа аҭамзаара шьҭарҵарц. Ателеканал аҿы акәзар, ҿагыларатә акциак аҳасаб ала зҭыԥ аанзыжьыз аусуцәа ыҟоуп.

Амҩаԥгаҩ ихымҩаԥгашьа иақәыӡбеит Қырҭтәыла ахадеи аԥыза-министри, урҭ иазгәарҭеит ас еиԥш ақәгылара аҩтәылак реизыҟазаашьа аруадаҩрахь ркылгара иазырхоуп ҳәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0