Владимир Путин Оливер Стоун изеиҭеиҳәеит Керчтәи аӡыбжьахалаҿтәи ахҭыс

© Sputnik / Алексей Никольский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВладимир Путин Оливер Стоун изеиҭеиҳәеит Керчтәи аӡыбжьахалаҿтәи ахҭыс
Владимир Путин Оливер Стоун изеиҭеиҳәеит Керчтәи аӡыбжьахалаҿтәи ахҭыс - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Америкатәи арежиссера Оливер Стоун Украина иазку ифильм дырбахоит ԥхынгәы 19 рзы.

АҞӘА, ԥхынгәы 9 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин арежиссер Оливер Стоун аинтервиу ииҭеит адокументалтә фильма "В борьбе за Украину" аҭыхраз ҳәа адырра ҟанаҵоит "Первый канал" асаит.

Аинтервиу аан Путин дазааҭгылан далацәажәеит ииасыз ашықәс, абҵарамзазы Керчтәи аӡыбжьахалаҿ аҭыԥ змаз ахҭыс.

"Украина уаанӡатәи ахада Порошенко алхрақәа раамҭазы апровокациа еиҿикааит. Иара ибзианы идыруан атәыла мрагыларатәи аладатәи ахәҭаҿи адгылара шимоуаз. Убри азы абри апровокациа ихы иаирхәарц иӡбеит. Сгәы иаанагоит атәыла иахьаҵанакуаз зегьы аҭагылазаашьа ҷыда аԥҵазаргьы цәгьа ишимбоз, ма алхрақәа зынӡа рыҿҳәара ииаигаргьы мап шацәимкуаз. Амчра ампыҵыжьра иҭахымызт", - иҳәоит Путин.

2018 шықәса абҵарамзазы Украина арра-мшынтә флот аӷбақәа "Бердянск", "Никополь", "Яна Капу" Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа еиларгеит, дара мҩаԥызгоз Урыстәыла амшынеиқәатә флоти Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә маҵзура рыӷбақәеи рышхәақәеи иаангыларц азы иҟарҵоз адҵа иаххәыцуамызт ҳәа. Абри ашьҭахь аӷбақәа ааныркылеит Урыстәылатәи амшынԥшаҳәаҟынӡа 20 километра рҟынӡа бжьани Ҟрымтәи ацҳа аӷбақәа ахьыҵысуа аҟынтәи 50 километра рҟынӡа набжьани.

Абри аан хҩык украинатәи амшынуаа ахәрақәа роуит. Урҭ ахәышәтәырҭаҿы ацхыраара рырҭеит.

Урыстәыла, аҳәынҭқарратә ҳәаа аилагара инамаданы ашьаус хацнаркит, аҳәарагь ҟанаҵеит ООН Ашәарҭадаратә хеилак Азовтәи амшын аҿтәи аҭагылазаашьаз ҷыдала алацәажәара мҩаԥнагарц.

2017 шықәса рзы Оливер Стоун Урыстәыла ахада изкны ԥшь-сериак иҟаз адокументалтә фильм ҭихит. Афильм аслоган— "Know your enemy" ("Уаӷа дудыруазароуп").

 

Ажәабжьқәа зегьы
0