Саида Кәарҷиаԥҳа фышықәса лықәҵоуп лхаҵа ишьразы

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАбаандаҩы
Абаандаҩы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Саида Кәарҷиаԥҳа лхаҵа ишьразы ахарадҵа лықәырҵеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 11 – Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Саида Кәарҷиаԥҳа лхаҵа ишьра лхараҵаны, фышықәса лықәырҵеит. Абри атәы аҳәоит аӡбарҭа асаит.

"Саида Кәарҷиаԥҳа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 актәи ахәҭа (гәҭакылатәи ашьра) инақәыршәаны ацәгьара луит ҳәа ахарадҵа лықәҵоуп. Азеиԥш ныҟәгашьа змоу ариашаратә колониаҿы фышықәса ҭакрыла илхылгоит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аусҭҵаара аверсиала, Саида Кәарҷиаԥҳа хәажәкыра 14, 2018 шықәса рзы иеилкаам маҭәарла лхаҵа Дмитри Аҩӡба ихы дасны дылшьит.

Аимак иахҟьаны аԥҳәыс лхаҵа дылшьит>>

Кәарҷиаԥҳа Аҟәа ақалақь Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭахь днеит илуз азы лҿы лықәшаҳаҭны. Лара даанкылан. Апрокуратура ашьаус хацнаркит, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 актәи ахәҭа (ауаҩшьра) инақәыршәаны.

Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбамҭа амчра аиуеит 15 усутә мшы рышьҭахь, уи аганахьала Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ахашшаара нашьҭымхар.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0