Шьамтәылаа рыԥсадгьыл ахь ахынҳәра иаҿуп

© Sputnik / Михаил Алаеддин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраахҵәацәа
ахҵәацәа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы зқьихәышәҩык рҟынӡа ахҵәацәа рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит. Урҭ рҟынтәи быжьҩык – уаанӡатәи рынхарҭақәа ирхылеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 12 - Sputnik. 1500–ҩык ахҵәацәа Ливанынтәи, Иорданиантәи Шьамтәылаҟа ихынҳәит. Абри атәы аҳәоит еибашьуа реиныршәаразы Урыстәылатәи Ацентр аинформациатә биуллетен.

архив - Sputnik Аҧсны
Шьамтәыла аибашьра аанкылара арежим еилагоуп

"Ииасыз уахи-ҽни рзы Шьамтәылаҟа ихынҳәит 1 482–ҩык ахҵәацәа. Ливанынтәи аушьҭырҭатә ҭыԥқәа "Джейдет-Ябус", "Телль-Калах" ирхысит 329-ҩык (аҳәса – 99-ҩык, ахәыҷқәа – 167-ҩык), Иорданиантәи аушьҭырҭатә ҭыԥ "Насиб" иахысит 1153 -ҩык (аҳәса – 346-ҩык, ахәыҷқәа – 588-ҩык)", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа 45 – зыҟны шьамтәылатәи ахҵәацәа нхо рахьтә ҩажәижәаба (Ҭырқәтәыла, Ливан, Иорданиа, Германиа, Ирак, Египет, Нидерланды, Австриа, Даниа, Бырзентәыла, Швеицариа, Кипр, Бельгиа, Италиа, Румыниа, Испаниа, Ирландиа, Мальта, Польша, Босниеи Герцеговинеи, Аргентина, Лиуксембург, Хорватиа, Словениа, Болгариа, Венгриа, Исландиа, Словакиа, Чехиа, Латвиа) рҵакырақәа рҿы ахҵәацәа рхыԥхьаӡара шьақәдырӷәӷәеит.

Иааизакны арҭ атәылақәа рҿы инхоит 6 317 503–ҩык ахҵәацәа (Ҭырқәтәыла – 3 614 108-ҩык, Ливан – 935 454-ҩык, Иорданиа – 664 330-ҩык, Германиа – 534 011-ҩык, Ирак – 252 983-ҩык, Египет – 132 473-ҩык, Нидерланды – 74 998-ҩык, Австриа – 42 505-ҩык, Даниа – 17 995-ҩык, Бырзентәыла – 13 139-ҩык, Швеицариа – 6 702-ҩык, Кипр – 5 899-ҩык, Бельгиа – 3 982-џьа, Италиа – 3 836-ҩык, Румыниа – 3 101-ы, Испаниа – 2 352-џьа, Ирландиа – 1 729-ҩык, Босниеи Герцеговинеи – 1 630-ҩык, Аргентина – 1 496-ҩык, Мальта – 1 289-ҩык, Польша – 1 069-ҩык, Лиуксембург – 663-ҩык, Хорватиа – 530-ҩык, Словениа – 460-ҩык, Исландиа – 197-ҩык, Болгариа – 180-ҩык, Венгриа – 51-ы, Словакиа – 43-ҩык, Чехиа – 39-ҩык, Латвиа – 19-ҩык).

Рыԥсадгьыл ахь ишыхынҳәуа атәы шьақәырӷәӷәоуп 1 712 264-ҩык шьамтәылаа (Ливан – 889 031-ы, Ҭырқәтәыла – 297 342-џьа, Германиа – 174 897-ҩык, Иорданиа – 149 268-ҩык, Ирак – 101 233-ҩык, Египет – 99 834-ҩык, Даниа – 412-ҩык, Бразилиа – 149-ҩык, Австриа – 68-ҩык, Аргентина – 30-ҩык).

Цәыббра 30, 2015 шықәса раахыс Шьамтәылаҟа ихынҳәхьеит 531 693-ҩык ахҵәацәа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0