Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ебжьноу: Аԥсныҟа нхара иаауа ҳџьынџьуаа 25 шықәса иреиҳамзар еиӷьуп

© SputnikЕнгин Ебжьноу
Енгин Ебжьноу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа нхара ихынҳәыз ҳџьынџьуаҩ Енгин Ебжьноу арадио Sputnik аҟны иазгәеиҭеит Аԥсныҟа нхара аара, араатәи аԥсҭазаара аҽаршьцылара аҿарацәа шракәу иаҳа иззыманшәалоу.
Коӷониаԥҳа лымҩаду: Ебжьноу Аԥсны анхара иазкны

"Аԥсны 10 шықәса раҟара унхоит аурысшәа, узымдырӡои ҳәа сарҳәалоит. Сара иазгәасҭоит 80 процент инацны уи  аԥсышәала ацәажәара исыцхраауазар, салагоит урысшәала ацәажәара ҳәа. Сцәажәаӡом урысшәала аҭак ҟаҵара сықәымшәозар. Зегь раасҭа иуадаҩу иапон бызшәоуп рымҳәои адунеи аҟны, аха уи атәылаҟны ахәыҷқәа зегьы иара алоуп ишдырцәажәо.

Сара сеиԥш ауаа Аԥсныҟа иаароуп, араҟа аусқәа рылагара иазхәыцроуп. Ауаҩы адунеи баны, адипломқәа акы-ҩба имазар бзиоуп, амала 25 шықәса иреиҳамзароуп арахь иаауа. Избанзар уи ихәыцшьа, ифилософиа, икультура уҳәа ҽакала иҟазар алшоит, араатәи аԥсҭазаара аҽырнааларазы", - ҳәа азгәеиҭеит Ебжьноу.

Инарҭбаау анҵамҭа шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0